Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Апрезидент Ҭамила Мерцхәлааԥҳа Иорданиа Ахәаахәҭра –Ааглыхратә Палата ахаҭарнак Амин Бакиж длыдылкылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апресс-маҵзура.
Ҭамила Мерцхәлааи Амин Бакижи аԥснытәи аусдкылаҩцәеи анаплакыҩцәеи ринтересқәа рӡыргареи Аԥсны Иорданиатәи Ҳашимиттә Акралра аҿы апрезентациа амҩаԥгареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара иалацәажәеит.
Аиԥылара аҿы иара убас ишьҭыхын «Аԥсуа – уԥсадгьыл уаҭаа» ҳәа хыс измоу Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апроект анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәагьы. Ҭамила Мерцхәлаа напхгара зылҭо Ахылаԥшырҭа Иорданиа иқәынхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рхәыҷқәа рабацәеи рабдуцәеи рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭоурых, акультура, атрадициақәа рырдырразы рыдкылара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
Иара убас Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата анапхгараҭареи Иорданиа иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ахаҭарнакцәеи иҟарҵо адгыларала Иорданиантәи атуристцәа Аԥсны рыдкылара азы аԥснытәи атранспорттә компаниақәеи асасааирҭақәеи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара иадҳәалоу азҵаарақәагьы шьҭыхын.
Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо, Ҭамила Мерцхәлаа адунеи аҿы ишьақәгылаз имариам аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусура Ааигәатәи Мрагылара, Азиа, Африка атәылақәа аус рыцура арӷәӷәареи аҳәаақәа рырҭбаареи иазырхоуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.