Араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанба ишазгәалҭаз ала, акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 ауааԥсыра реиҳарак имарианы ирхыргоит, урҭ аҩны рҽырхәышәтәыргьы алшоит.
Арыцқьаратә шьақәыргыларақәа ракәзар, урҭ Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҵыхәтәантәи иҭаара аан ишақәиргәыӷыз ала, иқәсхьаз ацрыӡмҩангареи аӡымҩахгареи рсистема иадҳәалоу апроблема аӡбара алыршахеит.
Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныргылара» ахаҭарнакцәа арыцқьаратә шьақәыргыларақәа зегьы аԥышәара арежим ала ишахәҭоу аус руеит ҳәа аминистр адырра ирҭеит. Иарбоу амедицинатә усбарҭа анапхгараҭара азгәаҭарақәа зегьы ҳасаб рзура ашьҭахь, Асанитартә епидемиологиатә Станциа аӡы агәаҭара мҩаԥыргоит, анаҩс алкаагьы ҟарҵоит. Убысҟан ауп ари аобиект инагӡаны ахархәарахь ианоушьҭхо.