АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Цәыббра.2022

АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА АҬАҬЫН ААЛЫҴҚӘЕИ АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА ИАЗКУ АППАРАТҚӘЕИ РКӘАНДРАБАҬ АԤХЬЫРҞӘҞӘААРА РЫЛДЫРШЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 6 рзы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» ашьапылатә ыиасырҭа иахьаҵанакуаз аҳазылхыҩцәа рылаш лықәшәеит  «акоридор иаҵәа» ҳәа изышьҭоу ала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа зхы хаз атәылауаҩԥҳәыс, уи иаанаго лара аҳазылхратә шәҟәҭагалара зыхәҭоу атауар лымаӡам ауп.

Ажәакала, аԥҳәыс илымаз анапылеидара агәаҭараан иаарԥшын иагьлымхын аҳазылхратә гәаҭара  иақәыршәамыз, маӡала аиагара азы зҽазышәара ыҟаз Урыстәылатәи Афедерациа акцизатә дыргақәа змоу, зхыԥхьаӡара 9 400 цыра рҟынӡа инаӡо аҭаҭын аалыҵ.

Иара убри аҽны, цәыббрамза 6 рзы, аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа аҳазылхратә контроль иахьаҵанакуаз иааныркылеит, анаҩс игәарҭеит Урыстәылатәи Афедерациантәи Аԥсныҟа иаауаз автомашьына. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Хьыкуба Д.Г. Аидараҭыԥ агәаҭараан иаарԥшын иагьимхын Аԥсныҟа заагаразы аԥкрақәа алагалоу акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа – зынӡа хә-цырак.

Иарбоу административтә еилагарақәа рыла аматериалқәа зегьы аусеилыргара аҳәаахәҭара азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Еилакы  аҭҵаареи аҳазылхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.

Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.


Read 393 times - Аԥшьаша, 08 Цәыббра 2022 13:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.