АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Цәыббра.2022

АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АОФИЦИАЛТӘ САИТ АҞНЫ ИКЬЫԤХЬУП АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДАЧА “ПИЦУНДА” АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аофициалтә саит аҟны икьыԥххьеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҵанакуа аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәрахь аиагареи уи ахархәара аԥҟарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра».  

Аусшәҟәы аурыс бызшәеи аԥсуа бызшәеи рыла икьыԥхьуп.

Иарбоу аусшәҟәы азы азхьарԥш: Аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» ала Аиқәшаҳаҭра.

Амазаратә комплекс «Пицунда» хәыда-ԥсада Урыстәылатәи Афедерациа ахатәрахьы аиагара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган ажьырныҳәа 19, 2022 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы.  


Read 395 times - Аԥшьаша, 08 Цәыббра 2022 14:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.