АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА НХЫҴ КАВКАЗҞА ИУСУРАТӘ ҬААРА ИАЦҴОУП.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Нхыҵ Кавказҟа иусуратә ҭаара иациҵоит. Цәыббрамза 8 рзы Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәеи Ҟарачы-Черқьесиантәи иааны  хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз аибашьцәа  рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, иҭахаз ранацәа дырԥылеит.   120-ҩык Ҟарачы-Черкесиантәи Аԥсныҟа иааны хатәгәаԥхарала еибашьуан, урҭ рахьынтә  13-ҩык ҭахеит.  

Иахьа Аслан Бжьаниа иара убас Жәларбжьаратәи Ачерқесстә Ассоциациа напхгара азҭоз, иара убас ҟабарда жәлар Рконгресс ахантәаҩыс иҟаз,   Урыстәылатәи Афедерациа иналукааша, еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩ Иури Калмыков ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ҟарачы-Черкестәи Ареспублика Абазатәи араион аул Кара-Паго аҿы Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра  Актәи Ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашкол даҭааит.  

 

Ашкол анапхгараҭареи иара аҵаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада даара ибзианы дрыдыркылеит. Аслан Бжьания абаза бызшәа аурок далатәеит, аҵаҩцәа дрыҿцәажәеит, иара убас ҳаҭыр зқәу асасцәа рышәҟәы аҟны анҵамҭа аанижьит: «Ҳашьцәа Абазаа! Ишәдыруаз, Аԥсны анапхгара есымша ҳаимадара арӷәӷареи аҿиареи рзы иалшо зегьы шыҟанаҵало! Зегьы зымчу дышәхылаԥшааит! Илԥха-игәыԥха шәымазааит! Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа».  

Ашкол аҵаҩцәа Аԥснынтәи иааз асасцәа рзы аконцерттә программа дырхиеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ашкол анапхгараҭареи аҵаҩцәеи ироуз адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.  

Аслан  Бжьаниа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит:  «Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа! Сара даара гәахәарала исыдыскылоит шәареи ҳареи иахьатәи ҳаиԥылара. Даҽазныкгьы агәра сгеит шәреспублика хра злоу аҿиара амҩа ишану. Аԥсуааи абазааи жәларык ҳауп,  ҳаиашьаратә еимадара арӷәӷәареи арҿиареи рзы аусура ҳазҿлымҳауп, жәаҳәарадагьы ҳагьазхиоуп».

Анаҩс Аслан Бжьаниеи аԥснытәи аделегациеи аул Хабез  аҿы Леон иорден занашьоу Мусса Дауров иҳаҭгәын иаҭааит.


Read 411 times - Аԥшьаша, 08 Цәыббра 2022 15:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.