АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Цәыббра.2022

ШӘАГААЛА ИМАҶУ АӶБАҚӘА РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ИНСПЕКЦИА АУСЗУҨЦӘА АМШЫН ИАГОЗ ҨЫЏЬА АҬЫԤҲАЦӘА ЕИҚӘДЫРХЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иацы ахәылбыҽха шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа аҟәатәи абаӷәаза аҿы, аӡҭаларҭа «Синоп» иахьаҵанакуа аӡы иагоз аҭыԥҳацәа реиқәырхара рылдыршеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  Аӡы иагоз аҭыԥҳацәа рхаҭара шьақәыргылоуп, урҭ 1994; 2003 шш. рзы ииз аҭыԥан инхо роуп.  

Асиорфинг-ӷәқәа рыла урҭ амшын агәаҿынӡа инаӡеит, аҟәара аҟынтәи 700 метра инарзынаԥшуа инаскьеит. Аха шьҭахьҟа ахынҳәра рымч ақәымхо иалагеит. Рҭелқәа иамаз арлашагақәа рыла урҭ аҟәараҿы иҟаз ауаа рылаԥш рықәшәартә иҟарҵеит, урҭ анаҩс аиқәырхаҩцәа адырра рырҭеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшырҭа ахь амашәыртә хҭыс азы адырра ҟалеит ахәылбыҽха асааҭ ааба инарзынаԥшуа.  Аӡы иагоз аҭыԥҳацәа реиқәырхаразы  шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аинспекциа акатер ала иаразнак идәықәҵахеит аиқәырхаҩцәа ргәыԥ.  Еиқәдырхаз аҭыԥҳацәа аҟәарахьы инаганы  ачаи ԥха ддыржәит, ргәы дырҭынчит.

Аплиаж аԥшәмацәа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа Ринспекциа азԥхьанҵақәа рынамыгӡареи аплиаж иахьаҵанакуа аиқәырхаҩцәа рыҟамзаареи рзы ахараԥса  ашәара рыдҵахеит.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/novosti/item/1163-sotrudniki-gims-spasli-dvukh-devushek-v-more.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 421 times - Ахәаша, 09 Цәыббра 2022 08:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.