АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2022

14 ШЫҚӘСА РАԤХЬА УРЫСТӘЫЛЕИ АԤСНИ АДИПЛОМАТИАТӘ ЕИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РЫБЖЬАРҴЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ацҳаражәҳәарҭақәа рыҩаӡараҿы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи 14 шықәса ҵуеит. Жьҭаарамза 24,2008 шықәса рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит урыстәылатәи адипломат Семион Григориев.  Ԥхынҷкәынмза 16 рзы Семион Григорие усҟан Аԥсны Ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь агәрагагатә шәҟәқәа инапы иаиркит.  

Аҩтәылак рыбжьара аусеицура азы азинтә шьаҭаны иҟоуп аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа ҩба:

Аиҩызареи аусеицуреи аицхыраареи рзы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи цәыббрамза  17, 2008 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥысыз Аиқәшаҳаҭра.

Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи абҵарамза  24, 2014 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥысыз Аиқәшаҳаҭра.

 


Read 412 times - Ахәаша, 09 Цәыббра 2022 15:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.