АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Цәыббра.2022

ЧЕРҚЕСК АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АСЛАН БЖЬАНИЕИ МУССА ЕҚЬЗЕҚЬИ РЕИԤЫЛАРА.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟарачы-Черқестәи Ареспублика ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Еқьзеқь диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи, анаука-культуратә, аспорттә, уҳәа Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс имҩаԥнаго егьырҭ апроектқәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Аҳәынҭқарра Ахада аԥсуааи абазааи жәларык роуп уи еиҳау акагьы ыҟаӡам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳкультура, ҳбызшәа, ҳмилаҭра — ари иахьа адунеи аҿы иҟоу ашәарҭара маҷымкәа изцу аҭагылазаашьа иадҳәаламкәа хымԥада ихьчатәу, еиқәырхатәу мал дуӡӡоуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

 

 


Read 466 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 21:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.