pressadmin-2
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ «АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХРАҾЫ» АГАРАЗЫ ТРАДИЦИАЛА ИМҨАԤЫСУА АНАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АТУРНИР ХЫРКӘШАХЕИТ.
Аҟәа. Ԥхыҷкәынза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы иаатит «Аҟәа ақалақь Ахраҿа» агаразы 2004-2006 шш. рзы ииз арԥарцәа рыбжьара традициала имҩаԥысуаз анапылампыл азы атурнир хыркәшахеит.
Уи рхы аладырхәит 7 командак: Гагра, Пицунда, Аҷандара, Очмчыра, Гәылрыԥшь, Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ, иара убас Аҟәа ақалақь, уҳәа рҟынтәи акомандақәа. Аҟәа ақалақь акоманда аилазаараҿы иҟоуп аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти рзы Аусбарҭа анапылампыл асекциа аспортсменцәа. Атурнир ԥхынҷкәынмза 9 рзы иалагеит.
Иахьа афиналтә хәмаррақәа мҩаԥысит, урҭ реихшьаалақәа рыла, актәи аҭыԥ ааннакылеит акоманда «Сухум Спартак».
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АЕНЕРГЕТИКЕИ АВИАТРАНЗИТИ АИНВЕСТИЦИАҚӘА РАЛАГАЛАРА АЗЫ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аинформациатә Маҵзура РИА Новости аинтервиу аҭо, Аԥсны аенергетикатә сектор аинвестициақәа ралагалара азҵаара аганахьала азакәанԥҵара аиӷьтәра аус адулара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит..
«Асовет Еидгыла аныҟаз аамҭазы Аԥсны аенергетика иалагалахон аҳәынҭқарратә биуџьеттә ԥаратә хархәагақәа, аха иахьа урҭ азхо иҟам асистема зегьы ишахәҭоу ала аус ауо иҟаларц азы. Араҟа ҳара урыстәылатәи аинвестициақәа рыда ҳхәарҭам. Аха урыстәылатәи аинвестор даарц азы уи еиликаауазар ахәҭоуп аенергетика аусхкы аҿы азинтә еизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара иазку азакәанԥҵара», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИААДЫРТУЕИТ АСАХЬАРКЫРАТӘ ГИМНАСТИКА АЗЫ АСЕКЦИА.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ №1 аҿы Краснодартәи атәылаҿацә асахьаркыратә гимнастика Афедерациа ацхыраарала, ажьырныҳәамза 10, 2023 шықәса рзы 5-7 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа асахьаркыратә гимнастика азы агәыԥ ахь рыдкыларазы ралԥшаара мҩаԥысуеит.
Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аҟәша Аусбарҭа. Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиуразы адҵаалара алшоит абри аҭел ала: +7 940 776-70-65.
СОКРАТ ЏЬЫНЏЬАЛ «АХЬӠ-АԤША» АОРДЕН I АҨАӠАРА ИАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы Сократ Џьынџьал «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит.
«Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи рыҟны акрызҵазкуа илагаламҭазы Џьынџьал Сократ Раҷ-иԥа «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьазааит», -ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа аҟны.
АСЛАН БЖЬАНИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АДЕЛИМИТАЦИА АЗЫ АКОМИССИА АИЛАЗААРА ШЬАҚӘИРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара амшынтә ҵакыра аҳәаа абжьазаареи аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи рзы акомиссиа аилазаара шьақәирӷәӷәеит.
Акомиссиа ахантәаҩыс дшьақәырӷәӷәоуп аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа.
АСЛАН БЖЬАНИА ВЛАДИМИР ПУТИН УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АКОНСТИТУЦИА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш идиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Азин сыщәҭозар, ҳаҭырқәҵарыла сшышәзыҟоу азгәаҭо, ишәыдысныҳәалрц сҭахуп аҳәынҭқарратә ныҳәа - Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш.
1993 шықәса, ҧхынҷкәынмза 12 Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы аамҭа ҿыц ашьақәгылара иазҳәоу иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА СОКРАТ ЏЬЫНЏЬАЛ «АХЬӠ-АԤША» АОРДЕН I АҨАӠАРА ИАНЕИШЬЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы Сократ Џьынџьал Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи рыҟны акрызҵазкуа илагаламҭазы «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит.
Аҳамҭа анашьара мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны ԥхынҷкәынмаз 12 рзы.
Ԥхынҷкәынмза 11 рзы Сократ Џьынџьал 85 шықәса ихыҵит.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АКОНСТИТУЦИА АМШ АЗГӘАҬАРА ИНАМАДАНЫ УРЫСТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХЬ АДӘНЫҲӘАЛАРА НАНАШЬҬИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«1993 шықәса ԥхынҷкәын 12 Урыстәылатәи аҳәынҭқарра асимвол хадақәа иреиуоуп, аҵак ду амоуп. Ари аныҳәа атәылаҿ азакәан аҳреи ауаажәларра реидгылареи ирымшныҳәоуп.
Аконституциа адкылара инаркны имҩасыз ашықәсқәа зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аҩнуҵҟатә политикаҿы аконституциатә принципқәа ирықәныҟәо иааиуеит, жәларбжьаратәи апозициақәагьы акырӡа иарӷәӷәеит.
КАРЕН КИУЛИАН ГАГРА АРАИОН АХАДА ИХАҬЫԤУАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц Карен Киулиан идгалара мҩаԥигеит.
Иури Ҳагуәышь 2020-шықәса раахыс ари амаҵураҭыԥ иахагылаз Хачик Минасиан инаигӡаз иусура азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, ахада ихаҭыԥуаҩыс ҿыц иҟаҵоу Кареи Киулиан ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.
Ахәҭкахьала, Карен Киулиан иоуз агәрагара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ абарҭ азҵаарақәа ахылаԥшра риҭоит:
Атранспорти аимадареи;
Агропроааглыхратә сектор;
ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 15 РЗЫ АԤСНЫ АСАХЬАҬЫХЫҨЦӘА РЕИДГЫЛА АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҾЫ АЛЕҚСАНДР ШЕРВАШИӠЕ -ЧАЧБА ДИИЖЬҬЕИ 155-ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКУ АЦӘЫРГАҚӘҴА ААТУЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 15- 24 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә Зал Хада аҿы иналукааша аԥсуа сахьаҭыхыҩ, асценограф, аҟазадырҩы, асахьаркыратә критик Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155-шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит.
Аекспозициа аҿы иҟалоит 80 инареиҳаны аусумҭақәа – асахьаҭыхыҩ петербургтәи иԥсҭазаара иалагӡаны, Александриатәии Мариинтәи атеатрқәа рҿы аус аниуаз иаԥҵаз акостиумқәа рескизқәеи адекорациақәеи. Ацәыргақәҵа аҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит асахьаҭыхыҩ зыхьӡ нагоу алегендартә «Аурыс балет» аҿы Диагилев инапхгарала (1920 -1948 шш.) асценографс иусура аамҭа азы иаԥиҵаз аусумҭақәа рсериа – абалет «Лебединое озеро» (Лондон), «Весна священная», «Веселая смерть» (Париж) рзы аескизқәа.





