АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынҷкәын.2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АЕНЕРГЕТИКЕИ АВИАТРАНЗИТИ АИНВЕСТИЦИАҚӘА РАЛАГАЛАРА АЗЫ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аинформациатә Маҵзура РИА Новости аинтервиу аҭо, Аԥсны аенергетикатә сектор аинвестициақәа ралагалара азҵаара аганахьала азакәанԥҵара аиӷьтәра аус адулара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.. 

«Асовет Еидгыла аныҟаз аамҭазы Аԥсны аенергетика иалагалахон аҳәынҭқарратә биуџьеттә ԥаратә хархәагақәа, аха иахьа урҭ азхо иҟам асистема зегьы ишахәҭоу ала аус ауо иҟаларц азы. Араҟа ҳара урыстәылатәи аинвестициақәа рыда ҳхәарҭам. Аха урыстәылатәи аинвестор даарц азы уи еиликаауазар  ахәҭоуп аенергетика аусхкы аҿы азинтә еизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара иазку азакәанԥҵара», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.

 

Иара убас аԥыза-министр авиатранспорт атемагьы дазааҭгылеит. Уи ишазгәеиҭаз ала, авиатранспорт зхы иазырхәараны иҟоу аганқәа ахшыҩзышьҭра арҭар, усҟан Аԥсны иарбоу азҵаара ала аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара иазхиоуп.

«Транзит — ари, жәаҳәарада, аинтерес зҵоу темоуп. Уи зхы иазырхәаратәы иҟоу атәылақәа зегьы рзы ифеидоу усны иҟалар,  усҟан  ҳәарада, аиҿцәажәарақәа рылагара ахәҭоуп», -  иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ишиашоу авиаеимадара аартра ашьҭахь ареспублика аҿы аԥсшьара азы ахәԥсақәа урыстәылатәи атурист изы акыр иманшәалахоит.


Read 270 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.