АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынҷкәын.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ «АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХРАҾЫ» АГАРАЗЫ ТРАДИЦИАЛА ИМҨАԤЫСУА АНАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АТУРНИР ХЫРКӘШАХЕИТ.

Аҟәа. Ԥхыҷкәынза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы иаатит «Аҟәа ақалақь Ахраҿа» агаразы 2004-2006 шш. рзы ииз арԥарцәа рыбжьара традициала имҩаԥысуаз анапылампыл азы атурнир хыркәшахеит.

Уи рхы аладырхәит 7 командак: Гагра, Пицунда, Аҷандара, Очмчыра, Гәылрыԥшь, Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ, иара убас Аҟәа ақалақь, уҳәа рҟынтәи  акомандақәа. Аҟәа ақалақь акоманда аилазаараҿы иҟоуп аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти рзы Аусбарҭа анапылампыл асекциа аспортсменцәа. Атурнир ԥхынҷкәынмза 9 рзы  иалагеит.

Иахьа афиналтә хәмаррақәа мҩаԥысит, урҭ реихшьаалақәа рыла, актәи аҭыԥ ааннакылеит акоманда  «Сухум Спартак».

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит акоманда «Аҷандара», ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит  акоманда «Пицунда».

Аицлабрақәа рыӡбаҩ хада – Оҭар Лакрба. 

Атурнир аиҿкаара ахахьы иагеит  – Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рзы Аусбарҭа.

 

 


Read 257 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.