АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара иара убас иалахәын аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, Зураб Қаџьаиа.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рымҩаԥысшьа инамаданы адырра ҟарҵеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба адырра ҟаиҵеит аусбарҭа азинеилагарақәа рзы агәҽанҵарақәеи, ацәгьоура алмыршареи, амҩа-транспорттә ныҟәара ашәарҭадара алыршареи ирызкны имҩаԥысуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа рзы. Ареидқәа рырӷәӷәареи маӡала апатрульреи алҵшәа бзиақәа аадырԥшит», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аветеранцәеи хаҭалатәи аилазаареи анапхгараҭареи Амаҵзура аԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә текст аҿы иҳәоуп: 

«Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа!  Ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аԥҵара 30-шықәса ахыҵра.

ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы иаԥҵаз ашәарҭадара аусбарҭақәа ҭтәыла аҿы аҭоурых ду амоуп, уи еиуеиԥшым апериодқәа аҵанакуеит –ҳара зегьы ҳазгәдуугьы иара убас агәхьаа ҳазцәырызгогьы. Урҭ иреиуоуп арепрессиақәеи аԥсуа интеллигенциа, иналукааша аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩцәеи ауаажәлари рнырҵәара иадҳәалаз аамҭахәҭақәа. Уи зегьы асовет аамҭазы, аԥсуа жәлар азакәантә интерессқәеи азинқәеи рыхьчара иазкыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активизациа азы иҟалаз хҭысқәоуп.  

Аха арҭ иуадаҩу аамҭақәа аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит, урҭ ҳашьҭахьҟа иаанхеит, уаҳагьы иҟалараны иҟам.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ԥхынҷкәынмза 20 рзы Донецктәи Жәлартә Республика ауааԥсыра 23 тонна амандарина рызнаргеит. Донецк ашьҭахь агуманитартә цхыраара згоз аколонна Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рахь ахы археит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы атурнир «Акомандатә храҿа» ампыл иаҵәа аҿы,  ақәратә категориа 9-10 зхыҵуа рыбжьара аиааира игеит, ҳәа иаанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.  

Атурнир ԥхынҷкәынмза 18, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуан.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Иира амш идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиуратә ҟәша аҿы аиҭашьақәыгыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Мышқәак раԥхьа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус зымуаз, ахшара зауз аҳәса рзы аҽыкәабарҭақәа рҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа   хыркәшахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Апполон Думаа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Шықәсы рацәа инеиԥынкыланы иусуреи апублицистика аҿы илагалеи рзы, Думаа Аполлон Нестор-иԥа ианашьазааит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы» , - иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иахьа,

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022. Апсныпресс. Аԥсни Никрагууеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рҭагылазаашьеи аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара аперспективақәеи рзы аԥыза-министр адыррақәа ииҭеит уажәы Аҟәа иҟоу, ааигәа змаҵуратә уалԥшьа анагӡара иалагаз Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Инал Ладариа.  

Аԥснытәи адипломатиатә миссиа ахада ишазгәеиҭаз ала, Ацҳаражәҳәарҭеи ниакарагуатәи атәыла анапхгаратә структурақәеи аеффективра злоу аусеицура рыбжьоуп, уи моу уи ҷыдала аиҩызаратәи аимабзиаратәи аҟазшьа шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Инал Ладариа еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы Никарагуа аус ацура аганахьала ихатәы ажәалагалақәа ҟаиҵеит. Аԥыза-министр игәаанагарала, арҭ ажәалагалақәа аинтерес аҵоуп, урҭ алацәажәареи Аԥсны апрофилтә структурақәа рҿы ақәыршаҳаҭреи рҭахуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа агуманитартә еидара изызкыз аҭыԥ аҟынӡа инаӡеит. Уажәы амандаринақәа рызнаргеит Урыстәыла Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рҿы инхо ахәыҷқәа.

Аԥснытәи ацитрустә шәырқәа Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Донбасҟа инаргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иаԥшьгарала имҩаԥгаз акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 21 рзы ашьжьымҭан, Аҟәа ақалақь, Арӡынба имҩаду ала иҟоу  ахәаахәҭратә цәаҳәа «Гранд базар»  амца акит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Иҟоу заанаҵтәи адыррақәа рыла, зны ахәаахәҭратә обиектқәа руак амца акит, анаҩс амца ааигәа иҟоу адәқьанқәа рахь икшеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.