Акомиссиа аилазаара иалалеит ареспублика еиуеиԥшым Аминистррақәеи Ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа.
12.Ԥхынҷкәын.2022
АСЛАН БЖЬАНИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АДЕЛИМИТАЦИА АЗЫ АКОМИССИА АИЛАЗААРА ШЬАҚӘИРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара амшынтә ҵакыра аҳәаа абжьазаареи аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи рзы акомиссиа аилазаара шьақәирӷәӷәеит.
Акомиссиа ахантәаҩыс дшьақәырӷәӷәоуп аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа.