АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2022

АСЛАН БЖЬАНИА ВЛАДИМИР ПУТИН УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АКОНСТИТУЦИА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Азин сыщәҭозар, ҳаҭырқәҵарыла сшышәзыҟоу азгәаҭо,  ишәыдысныҳәалрц сҭахуп аҳәынҭқарратә ныҳәа - Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш.

1993 шықәса, ҧхынҷкәынмза 12 Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы аамҭа ҿыц ашьақәгылара иазҳәоу иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит.

Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа атәыла қәҿиарала аҿиара уасхырс иазышьҭоуп, ацәаҩашәатә хырхарҭа хадақәаны изгәылоу, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи акырӡа зҵазкуа ак акәны иазгәазҭаз.

2020 шықәса рзы Адокумент Хада аԥахрақәа ралагалара ақәшаҳаҭхара иазкыз Урыстәылазегьтәи абжьыҭирақәа рылҵшәа ишьақәнарӷәӷәеит Шәара имҩаԥыжәго аполитикатә хырхарҭа ажәлар рганахьала иамоу агәрагареи адгылареи.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, абри аныҳәамш аҽны Урыстәыла ажәлар зегьы нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, аҭынчра, анасыԥ». 

 

 


Read 341 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.