АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2022

ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 15 РЗЫ АԤСНЫ АСАХЬАҬЫХЫҨЦӘА РЕИДГЫЛА АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҾЫ АЛЕҚСАНДР ШЕРВАШИӠЕ -ЧАЧБА ДИИЖЬҬЕИ 155-ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКУ АЦӘЫРГАҚӘҴА ААТУЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  15- 24 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә Зал Хада аҿы иналукааша аԥсуа сахьаҭыхыҩ, асценограф, аҟазадырҩы, асахьаркыратә критик Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи  155-шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит.

Аекспозициа аҿы иҟалоит 80 инареиҳаны аусумҭақәа – асахьаҭыхыҩ петербургтәи иԥсҭазаара иалагӡаны, Александриатәии Мариинтәи атеатрқәа рҿы аус аниуаз иаԥҵаз акостиумқәа рескизқәеи адекорациақәеи. Ацәыргақәҵа аҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит асахьаҭыхыҩ зыхьӡ нагоу алегендартә «Аурыс балет» аҿы Диагилев инапхгарала  (1920 -1948 шш.) асценографс иусура аамҭа азы иаԥиҵаз аусумҭақәа рсериа – абалет «Лебединое озеро» (Лондон), «Весна священная»,  «Веселая смерть» (Париж) рзы аескизқәа.

Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа аҿы иара аамҭазы ахәшьара ҳарак зауз аламҭалауаа: Н.Н. Евреинов, М. Шервашиӡе, Н. Бутковскиа, К. Биссон, уҳәа рпортретқәа.

Аекспозициа аҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит аусумҭа «Автопортрет». Уи азы Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба Франциа асахьаҭыхыҩцәа рмилаҭтә еилазаара ахь дрыдыркылеит. 

Апрограмма акуратор - Ельвира Арсалиа. Амузеитә експозициа - Сурам Сақаниа, Аза Аргәын.

Аиҿкаара рхахьы иргеит: Аԥсны акультура Аминистрра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Аԥсны аҳәынҭқарратә милаҭтә сахьатә галереиа,  Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла, Ацәыргақәҵатә зал-Хада.

 

 


Read 287 times - Ашәахьа, 12 Ԥхынҷкәын 2022 17:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.