АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынҷкәын.2022

ЛАША АШӘБА АТӘЫЛАХЬЧАРА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АКОМИТЕТ АХАНТӘАҨЫ ДИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба усуратә визитла Аԥсны иҟоу Аҳәынҭқарратә Дума адепутаттә гәыԥ Аиҿкааҩ, атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Андреи Картаполов дызлахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак алахәцәа: Ҭемыр Шергелиа - Аилак ахантәаҩы, Фазлыбеи Аҩӡба – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, адепутат Асҭамыр Герхьелиа.

Апарламентари иалацәажәеит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 азы Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини рнапы зҵарҩыз Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра анагӡара ахәҭаҟны аусеицура иадҳәалоу ауснагӡатәқәа жәпакы.

Ҷыдала, адепутатцәа хшыҩзышьҭра арҭеит атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рзы иакуталтәу азҵаарақәа. 

 


Read 276 times - Амҽыша, 11 Ԥхынҷкәын 2022 14:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.