Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, ԥхынҷкәынмза 6 рзы, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа XIX аилатәара.
Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа ацхантәаҩцәас иҟоуп: Аԥсны аганахьала – аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Урыстәыла аганахьала – УА Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак.
Аусура анхыркәшаха ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-еконоикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа XIX аилатәара Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.
«Ареспублика Аԥсны — ҳара ҳааигәара иҟоу ҳәынҭқарроуп. Ҳара иахьа ҳрылацәажәеит аперспективара злоу аиневстициатә усеицура ахырхарҭақәа, аенергетикеи атуризми рыҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ҳарзааҭгылеит. Иахьа ҳазааҭгылаз аҿиара ахырхарҭақәа ируакуп – аҳаирпланқәа рышьҭыԥрааратә цәаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵаарагьы», - ҳәа Аԥкаанҵа анапаҵыҩра ашьҭахь иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак.
Алеқсандр Новак иажәақәа рыла, Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аилатәара аҿы иара убас ирылацәажәеит ааглыхра, ақыҭанхамҩа, атуризм аусхкқәа рҿы еиуеиԥшым аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи русеицура аҿиара. «Сара сгәаанагарала ҳара хра злоу аперспективақәа ҳамоуп. Зегьы ирыцку, ҳара Аԥсны ахатәы хашәалахәқәа реизырҳареи ауалафахәқәа рышьҭыхреи уахь иналаҵаны, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма иарбоу еиӷьу алҵшәақәа раарԥшрахьы шьаҿа-шьаҿала ҳцәырҵуа ҳахьалагаз ауп», – ҳәа иҳәеит иара.
«Ҳара иахьа Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аилатәара аҿы иҳаҩсыз ҩы-шықәса ирылагӡаны инагӡаз аусура аихшьаалақәа ҟаҳҵеит. Идыру амзызқәа рыла ҳара хаҭала ҳаиқәшәартә еиԥш изыҟамлеит, аха иахьа уи азы алшара ҳауит. Ҳаззааҭгылаз азҵаарақәа рацәан. Урҭ зегьы Аԥсны азы актуалра рыҵоуп, ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара азы акырӡа аанагоит. Ҳара инаҵшьны иазгәаҳҭеит иҳабжьоу аимабзиаратә усеицуратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи ҳшазхиоу. Уи аенергетика, азакәанԥҵара аҿиара, иааизакны Аԥсны аекономикатә суверенитет арӷәӷәара азҵаарақәа роуп», - ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
Аԥсны Анапхгара ахада Урыстәыла Аԥсны азы ихадоу партниоруп ҳәа иазгәеиҭеит. «Иаагозар, атуризм аганахьала, аԥсшьаҩцәа реиҳараҩык Урыстәылантәи иаҳзаауеит. Есымзы, бжьаратәла уахәаԥшуазар, 300 миллион мааҭ роуеит ҳара ҳтәанчаҩцәа.
Ҳқыҭанхамҩа аалыҵ аиҳарак Урыстәылаҟа експортла идәықәҵахоит. Ҳара уи ҳасаб азуны ҳсура ҳәаақәаҳҵоит", - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.
Аԥсуа делегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озгани Владимир Делбеи, аминистрцәа: аиустициа аминистр – Анри Барцыц, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр – Руслан Аџьба, Аҳәынҭқарратә мазара анапхгареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Беслан Кубраа, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа, аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба, Шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, аекономика Аминистрра аҳәынҭқарратә инвестициатә программақәа русбарҭа анапхгаҩы Асҭанда Камлиа.