АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынҷкәын.2022

АКУЛЬТУРА-УСУРАТӘ ПЛАТФОРМА “ГӘЫМА” АҾЫ ИААТИТ АШЫҚӘСҾЫЦТӘИ АКЦИА «АШАНА-ҴЛА».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы иаатит ашықәсҿыцтәи акциа «Ашана-ҵла».

Акциа аиҿкаара рхахьы иргеит агәыҳалалратә фондқәа «Ашана»,  «Кьиараз».

Ашықәсқәа инеиԥынкыланы афондқәа «Кьараз», «Ашана» аусзуҩцәа еиуеиԥшым агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥыргоит. Иарбоу акциақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, уи азы агәазыҳәара змоу дарбанызаалак зматериалтә ҭагылазаашьақәа ԥку аҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәа ашықәсҿыцтәи ргәазыҳәарақәа рынагӡара азы алшара иоуеит.  

Аҟәатәи алицеи-интернат аҵаҩцәа зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәеи згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәеи Аҵаа Бабаду ихьӡала ирыҩыз ашықәсҿыцтәи асаламшәҟәқәа рыла аԥҟақәа рсахьа аманы оригами ҟарҵеит. Урҭ рыла акультура-усуратә платформа «Гәыма»  аҿы ишьақәдыргылаз ашықәсҿыцтәи аԥсаӡҵла дырхиеит.

Акциа зҽалазырхәуа аԥсаӡҵла аҿы икнаҳау аоригами кныхны уа иану агәазыҳәара нарыгӡоит. Аҳамҭақәа афондқәа рофисқәа рахь рынашьҭра ҟалоит.

Агәыҳалалратәии ауаажәларратәи аиҿкаара «Кьараз» аԥшьгаҩцәа ируаӡәку Камма Гоԥиа акциа далацәажәеит.

«Сынтәа ҳара есышықәса инаҳагӡо ашықәсҿыцтәи акциа арҿыцра ҳаӡбеит. Ҳколлегацәеи ҳареи «Агәазыҳәарақәа рыԥҟақәа» ҳәа аидеиа ҿыц ҳхәыцит. Уажәазы ирыҩхьеит  250 асалам шәҟәқәа. Асаламшәҟәқәа реиҳарак Гәдоуҭа араион аҟынтәи иаҳзаарышьҭит», - ҳәа илҳәеит лара.  

Ас еиԥш акциа иаҵоу аҵакы ахадара  инаҵшьны иазгәалҭеит аиҿкаара «Кьараз» аусзуҩ Миранда Гәылариа. 

«Ари акциа иабзоураны зматериалтә лшарақәа ԥку аҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәа ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа роуртә иҟалоит. Сара ари акциа хыԥхьаӡара рацәала ауаа рхы аладырхәып, иара убри ала ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа рынагӡара иацхраап ҳәа агәыӷра сымоуп», - ҳәа илҳәеит лара.

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы акциа аиҿкааҩцәа  аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥыргоит, араҟа гәыԥҩык «анашанаҟаҵаҩцәа» ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыршалоит.

Акциа «Ашана-ҵла» Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис ацхыраарала еиҿкаахоит.  Уи ԥхынҷәынмза 26 аҟынӡа имҩаԥыслоит.


Read 357 times - Асабша, 10 Ԥхынҷкәын 2022 23:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.