АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынҷкәын.2022

АСИДА ШЬАҞРЫЛ АԤСНЫ АУААԤСЫРА АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АМШ РЫДЫЛНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаҩы изинқәа рыхьаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл Аԥсны ауааԥсыра ауаҩы изинқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш рыдылныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны ауааԥсыра!

Есышықәса, ԥхынҷкәынмза 10 рзы адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш –абри амш аҽны, 1948 шықәсазы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азеиԥш Декларациа аднакылеит. Уи усҟантәи аамҭазы адунеи ауааԥсыра зегьы акыр аџьамыӷәацәгьа иҭазыргылаз аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь акырӡа аҵак ду змаз ауаҩы изинқәа рышьақәырӷәӷәаразы ашьаҭа ӷәӷәа зкыз усшәҟәхеит. Хымԥада иҳәатәуп, Аԥсны ажәларгьы 1994 шықәсазы, ӷәӷәала ашәарҭадара ашьақәҟьара азы ашәарҭара шыҟазгьы, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра анеилгаҵәҟьа ашьҭахь  ауаҩы изинқәа рзы Азеиԥш деклорациа иарбоу атәылауаҩратә зинқәеи ахақәиҭреи шьақәзырӷәӷәоз Ареспублика Аконституциа рыдыркылеит. Ари афакт аԥсуа ҳәынҭқарра авторитартә акәымкәа, адемократиатә напхгараҭара асистема ала аҿиара амҩа ишанылаз арҵабыргуан. Ари машәыршақәгьы иҟамлаӡеит. Ари змилаҭтә хаҭара аиқәырхареи ахьыԥшымреи ахқәиҭреи рзы ақәԥара иадҳәалоу, зқьышықәсала иаауа аҭоурых змоу аԥсуа жәлар  идырны иалырхыз мҩоуп.

Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаз аибашьрақәа роума, сталинтәи арепрессиақәа роума Аԥсуа жәлар рзинқәеи рхақәиҭреи реилагара иақәшаҳаҭхартә ирзыҟамҵа

ӡеит.   Аԥсуа жәлар 1957, 1965, 1967, 1978, 1989 шықәсқәа рзы рзинқәа рыхьчаразы – рбызшәа азы азини рҭоурых азы азини  рыхьчаразы  зықьҩыла ауаа ахьеизо амитингқәа рахь ицәырҵуан. 1992-93 шш. аԥсуа жәлар Қырҭтәылатәи агрессиа иаҿагыланы амилаҭтә хаҭашьареи аҳәынҭқаррареи рзы рзин рыхьчеит.  Аԥсны аиашазы адемократиатә еихьӡарақәа рыла агәадуразы азин амоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

«Иахьа ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш азы Аԥсны ауааԥсыра аӡәаӡәала шәахь схы рханы шықәсқәак раԥхьа еицырдыруа азинхьчаҩы Андреи Сахаров иажәақәа рыла ааԥхьара ҟасҵарц сҭахуп: «Хара уаҩыцыԥхьаӡа изинқәа рыхьчара ҳазықәԥалароуп, аиашамреи ауаҩы изинқәа реилагареи ҳаицҿакны аҿагылара ҳалҳаршароуп, - уи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш аҿы иадҳәалоу даара ирацәоуп», - ҳәа иаҳәоит Асида Шьаҟрыл иҟалҵаз адныҳәаларатә ҳәамҭа аҿы.

Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иҟалҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа атекст нагӡаны иануп ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лофициалтә саит аҿы.


Read 329 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.