АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынҷкәын.2022

ВАЛЬТЕР БЫҬӘБА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АППАРАТ ХАДА АҾЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба ахылаԥшырҭа анапхгаҩцәа, Аминистрра аппарат хада аҟәшеиҵақәа реиҳабацәа  алархәны, есымчыбжьытәи аихшьаалатә усуратә еилатәара мҩаԥигеит.  

Ауаажәларратә шәарҭадара Амилициа аусура атәы еиҭеиҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ – ауаажәларратә шәарҭадара амилициа анапхгаҩы Беслан Ҷкадуа.

Уи ишазгәеиҭаз ала, амҩатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра акыр ирӷәӷәоуп, аиҳарак аԥсшьрамшқәа раан.

Беслан Ҷкадуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа еилазго раарԥшра иазырханы планла иазԥхьагәаҭоу ареидттә усмҩаԥгатәқәа рнаҩс,   аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит  амҩаҿы зегьы раасҭа аԥҟарақәа еилазго, иара убри ала бжеиҳан амҩатә машәыр зыхҟьо ачаратә кортежқәа.  

Аминистр иара убас «Абџьар азы» азакәан анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡны имҩаԥысуа ауааԥсыра ирымоу иҭҟьо амцабџьар ҿыц ашәҟәҭагалара амҩаԥгара азы аусура аихшьаалақәа рзы  адырра ирҭеит. Вальтер Быҭәба иарбоу ахырхарҭала аусура еиҳа арӷәӷәара азы анапынҵақәа риҭеит.

Аилатәара аҿы  атәыла аҿы акриминогентә ҭагылазаашьа иазкны иҟаҵаз ажәахә иазыӡырҩит, иара убас имҩаԥгоу аоператив-ԥшаратә усмҩаԥгатәқәа рзы аҳасабырба ҟаҵан.

Аминистр аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеиҵақәа хазы игоу ахырхарҭақәа рыла аусура арӷәӷәареи ареспублика аҿы ауаажәларратә зинеиҿкаареи ашәарҭадареи рышьақәгылареи рзы адҵақәа ҟаиҵеит.  

 

 


Read 378 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.