Items filtered by date: Аԥшьаша, 26 Ԥхынҷкәын 2024
Аҟәа ақалақь аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит актиор, арежиссиор Шьалуа Гыцба.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы Аԥсны Жәлар рартист, актиор, арежиссиор, «Ахьӡ-Аԥша» аорден акавалер Шьалуа Гыцба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа мҩаԥысит.
Актиор наунагӡа инаскьагара азы арахь иааит уи иҩызцәа, иколлегацәа, ареспублика ауаажәларра рхаҭарнакцәа жәпаҩык.
Алахьеиқәҵаратә митинг аартуа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр адиректор Аслан Еныкь Шьалуа Ҷыф-иԥа иԥсҭазаарамҩеи ирҿиареи дрыхцәажәеит.
Ашәҟәыҩҩы, адраматург, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Анӡор Мықәба, Шьалуа Гыцба аԥсуа литература аҿы илагала ахә ашьара уадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Шьалуа Ҷыф-иԥа хьыӡла-ԥшала иԥсҭазааратә мҩа данысит. Уи атеатр аҿиара азы аџьабаа ду ибеит. Ахәаԥшыҩ аспектакль дахәаԥшырц данаауа, уи игәы иаанагоит, уи ақәыргылара даараӡа имариоушәа, уи игәы иаанагоит арольгьы анагӡара мариоуп ҳәа. Аха аиашазы –уи аџьабаа ду ацуп. Убри ауп инапы злакыыз, гәыла-ԥсыла дзыдҳәалаз Шьалуа Гыцба», - ҳәа иҳәеит Анӡор Мықәба.
Бадра Гәынба иҟалаз аҳаирмашәырцәгьа инамаданы Владимир Путин дидышшылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Урыстәыла атәылауаа рҭахара зыхҟьаз апассаџьыртә ҳаирплан «Баку-Грозныи» акаҳара инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин дидышшылеит.
Аминистрцәа Реилазаара аҿы адгьылтә зҵаарақәа 10 рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 26 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы амшхәаԥштә иарбаз адгьылтә зҵаарақәа 10 рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.
Аминистрцәа Реилазаара Гәдоуҭа араион Ахадара ажәалагалақәа ирықәшаҳаҭхеит:
– Ҟәланырхәа ақыҭан иҟоу, 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә пунктқәа разкызаара» змоу адгьыл акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи ахатәы ҩны аргыларазы Барцыц Исхан Нурбеи-иԥа иҭаразы;
– Лыхны ақыҭан иҟоу 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә пунктқәа разкызаара» змоу адгьыл акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи ахатәы ҩны аргыларазы Конџьариа Д.В. иҭаразы;
– Лыхны ақыҭан иҟоу 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә пунктқәа разкызаара» змоу адгьыл акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи ахатәы ҩны аргыларазы Конџьариа Науру Владимир-иԥа иҭаразы;
– Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан иҟоу 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә пунктқәа разкызаара» змоу адгьыл акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи ахатәы ҩны аргыларазы Ҭырқьба Азамаҭ Сергеи-иԥа иҭаразы;
Аминистрцәа реилазаара акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа рхархәара азинҟамҵара аҿҳәара ажьырныҳәамза 1, 2027 шықәсанӡа инахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы акриптовалиута арҳара иадҳәалоу анапхгаратә қәҵарақәа ҩба аиҭакрақәа аларгалеит.
Ԥхынҷкәынмза 8, 2020 шықәсазы ирыдыркылаз «Афымцамч ахархәареи акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа атәыла ралагалареи рзы аԥкрақәа рышьақәыргыларазы» Ақәҵара №137 инақәыршәаны, азинҟамҵара аҿҳәара 2026 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа инахахоит.
Аиҭакрақәа алагалоуп иара убас 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 27 рзы ирыдыркылаз «Акриптовалиута арҳара азы аусура аҭышәынтәалара иазку ауснагӡатәқәа рзы» Ақәҵара. Аминистрцәа Реилазаара аӡбарала, ақәҵара амчра аиура аамҭа 2027 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа иацҵоуп.
Герман Арџьениа Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаауп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Герман Арџьениа 2024 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаауп.
Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқаратә Еилакы аҟны ашықәсазтәи аспорт еихшьаалақәа ҟарҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқаратә Еилакы аҟны ашықәсазтәи аспорт еихшьаалақәа ҟарҵеит, ииасуа ашықәс азы иреиӷьу аспортсменцәа, азыҟаҵаҩцәа, аӡбаҩцәа алыркааит.
Аспортсменцәа рыдкылара мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 26 рзы Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқаратә Еилакы аҟны. Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, уи ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Карчааи Роман Ҵкәуеи, Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо иабжьгаҩ Ахра Ашәба, Аԥсны Амилаҭтә олимпиатә Комитет апрезидент Валери Аршбеи жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла ачемпион, Европа ачемпион, аорденқәа «Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡарақәа ркавалер Рашь Хәытаба.
Урҭ аспортсменцәа реихьӡарақәа рыдырныҳәалеит ирзеиӷьаршьеит анаҩстәи аманшәалареи аихьӡара ҿыцқәеи.
Аҳамҭақәа ранашьахеит – сынтәа иреиҳау жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхара адагьы, уаҟа рҟазара аарԥшреи ашьақәырӷәӷәареи зылшаз аспортсменцәа.
Елҟан Гәазава атлетика хьанҭа азы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа дазхаҵоуп. Елкан атлетика хьанҭа азы Аԥсны аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихуп. 2024 шықәсазы иара Урыстәыла ачемпионат аҿы араӡнытә аԥхьахә агара адагьы, Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы аџьазтә аԥхьахә агарагьы илиршеит.
Инал Гаделиа аӡиудо азы Аԥсны ашықәс иреиӷьу аспортсмен ҳәа далккаахеит. Инал Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟазаны дыҟоуп. 2024 шықәсазы уи Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы аџьазтә аԥхьахә игеит.
Сандро Ҳаразиа амҵәышәмпыл азы Аԥсны ашықәс иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаахеит. Уи амҵәышәмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихуп. 2024 шықәсазы Сандро Ҳаразиа Аԥсны дачемпионхеит, ачемпионат иреиӷьу аспортсмен ҳәа дазхаҵан, Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа ихы алаирхәуан.
Рахман Напиџьев самбо азы Аԥсны ашықәс иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаахеит. Рахман Напиџьев – самбо азы Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟазаны дыҟоуп, Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы аџьазтә аԥхьахә игеит.
Герман Арџьениа абокс азы ашықәс иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаахеит. Уи абокс азы Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟазаны дыҟоуп. 2024 шықәсазы Герман Арџьениа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы аиааира игеит.
Инар Кьетиа зхы иақәиҭу аиқәԥаразы ашықәс иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаахеит. Инар Кьетиа - зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Аԥсны жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟазаны дыҟоуп. 2024 шықәсазы иара аруаа рыбжьара адунеи ачемпионат аҿы аџьазтә аԥхьахә игеит.
Ҭемыр Исмоилов анапылампыл азы ашықәс иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаахеит. Темыр Исмоилов – анапылампыл азы Аԥсны аспорт азҟаз ҳәа ахьӡ ихуп, Урыстәыла ачемпионвт Иреиҳау Алига «Б» зхы алазырхәуа акоманда «Аԥсны» ахәмарҩны дыҟоуп. 2024 шықәсазы иара Гагратәи акоманда аилазаараҿы Аԥсны дачемпионхеит, ачемпионатә иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа далкаахеит.
Рамазан Арапханов абырзен-римтәи аиқәԥаразы Аԥсны ашықәс иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаахеит. Аспортсмен абырзен-римтәи аиқәԥаразы Аԥсны жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟазаны дыҟоуп. 2024 шықәсазы иара Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.
Леон Габлиа астолтә ԥкьаҭмпыл азы Аԥсны ашықәс иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаахеит. Леон Габлиа - астолтә ԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟазаны дазхаҵоуп.
Заур Ҭарба Аԥсны иреиӷьу ашьапылампыласыҩны дазхаҵоуп. Заур Ҭарба – ашьапылампыл азы МЕЛБЕТ-Актәи алига иалаху Владликавказтәи акоманда «Аланиа» ахьчабжа иоуп (ФНЛ).
Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахықәкытә программақәа хԥа ала афинансыркра ахышәа-ҵышәа еизырҳауп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара агәабзиарахьчара Аминистрра ахылаԥшратә хықәкытә программақәа хԥа аиҭакрақәа аланагалеит. Урҭ иреиуоуп:
«Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа уи анҭыҵгьы атәылауаа рыхәышәтәра»;
«Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа реиқәыршәаразы ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи еизакны раахәара».
«Ареспублика Аԥсны аҷаҷатә чымазара ахәышәтәырҭақәа рҿы ахарҭәааратә терапиа амҩаԥгара аиҿкаареи уи аҩаӡара ашьҭыхреи»,
Апрограмма «Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа уи анҭыҵгьы атәылауаа рыхәышәтәра» азы ишьақәырӷәӷәаз афинансыркра ахышәа-ҵышәа уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз аасҭа 38,5 млн. мааҭ рыла иацҵахеит – 150 млн. мааҭ рҟынтәи 188,5 млн. мааҭ рҟынӡа.
Абылтәы аџьармыкьаҿы ахәԥсақәа рҭышәныртәаларазы ишьақәырӷәӷәаз аамҭалатәи аԥҟарақәа нанҳәамза 31, 2025 шықәса рҟынӡа иацҵахоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса рзы «Абылтәы џьармыкьа ахәԥсақәа рҭышәынтәаларазы аамҭалатәи аԥҟарақәа ралагалара азы» Ақәҵара №76 аиҭакрақәа аланагалеит.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара абылтәы џьармыкьа ахәԥсақәа рҭышәынтәаларазы иаланагалаз аамҭалатәи ауснагӡатәқәа ԥхынҷкәынмза 31, 2024 шықәса аҟынтәи нанҳәамза 31, 2025 шықәсанӡа ирыцҵахоит.
Ақәҵара иалагалаз аиҭакрақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп абылтәы анырҭиуа изеиҳамхаша ахәԥсақәа. Убас, ԥхынгәымза, 2024 шықәса инаркны абензин «Регуляр-92» Аԥсны иахьаҵанакуа аҭираан уи тоннак азы ахәԥса абарҭ анаӡаратә хәаахәҭратә цҵақәа ыҟазаауеит:
8% – анефтаалыҵқәа аизакылаҭираан;
4% – Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин змоу аилахәыра «Роснефти» уи иаҿыгоу анаплакқәеи абылтәы аагара азы аиқәшаҳаҭрақәа (аилаӡарақәа) зыбжьазҵаз анаплакқәа рыла аизакылаҭира ду амҩаԥгара аан;
10% — Аԥсны аҩныҵҟа иаахәаз анефтаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
14% – Аԥсны аҩныҵҟа анефҭаалыҵ аимпортиорцәа рҟны аизакылаҭира ду аҳасабала иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
18% – Аԥсны анҭыҵ иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
Адизельтә былтәы аҭираан:
4% - анефтаалыҵқәа аизакылаҭира амҩаԥгараан, анефтаалыҵқәа римпортиорцәа рыла анефҭаалыҵқәа аизакылаҭира ду аҳасабала рыҭирагьы уахь иналаҵаны;
Акриптовалиута амаининг азы аиқәыршәагақәа Аԥсныҟа ралагалара азы ишьақәыргылаз аԥкрақәа ԥхынҷкәынмза 31, 2026 шықәсанӡа иацҵахоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцамч ахархәареи акриптовалиута амаининг азы аиқәыршәагақәа Аԥсныҟа ралагалареи рзы ишьақәыргылаз аԥкрақәа ԥхынҷкәынмза 31, 2026 шықәсанӡа иацҵахоит.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата Очамчыратәи ашкол-интернат ашколхәыҷқәа рзы аныҳәа еиҿнакааит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2025-тәи Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш акциа «Ҳара ҳхәыҷқәа» еиҿнакааит. Уи Очамчыратәи ашкол-интернат аҟынтәи 56-ҩык ашколхәыҷқәа рзы аныҳәа амҩаԥгара еиҿнакааит. Сынтәа аинтернат иҭоу ахәыҷқәа Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра Ашҭаҿы игылоу аԥсаҵла Хада иаҭааит. Ахәыҷқәа даара иргәаԥханы иахәаԥшуан араатәи аҩычара. Анаҩс ахәыҷқәа рыхәҭак акерамикатә студиа «Rama» ахь ицеит, уаҟа урҭ напыла арԥшьшьара рҽазыршәеит, аҟазара класс рзымҩаԥыргеит, егьырҭ – аресторан «Rossini» ахь апицца аҟаҵаразы аҟазара-акласс иаҭаарц ицеит.