pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иџьынџьуаа Аҟәа ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аҟәаа! Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь – Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш.

Цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы имҩаԥгаз ажәыларатә операциа иабзоураны Аԥснытәи ар Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭыртәит.  Ҳара  Аҟәа ақалақь зхы иақәиҭызтәуаз зегьы ҳгәалашәоит,  иҭахаз зегьы наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Афырхацәа-ахақәиҭтәҩцәа ргәалашәара урҭ рыхьӡ зху ҳаҳҭнықалақь амҩадуқәа,  рыхьӡала ишьақәыргыло абаҟақәеи амемориалтә ӷәқәеи  рҿы иаанхоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны  Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш азы ҳауаажәлар дрыдныҳәалеит  

Ҽаанбзиала!  Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа.   

1993 шықәса цәыббрамза 27 рзы Аԥсуа ар ҳ-Аҧсадгьыл аҳҭнықалақь аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит. Ари арыцхә зегьы ҳагәқәа рҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Аҟәа ахы иақәиҭызтәыз ҳҵеицәа рфырхаҵара хашҭшьа амаӡам!

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

  Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа инамаданы. Ара иалацәажәеит иҟоу ашәарҭареи иҟалар зуа апровокациақәа рықәҿыҭразы мҩақәас иҟоуи. Аҳәынҭқарра    Ахада дазҵааит ареспубликаҟны амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы аҭыԥаҟны имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа ртәы. Аслан  Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит ашәарҭадара азҵаарақәа ԥыжәара зҭатәу  ак ракәны ишыҟоу, ихадароу аҵакы шрымоу.

Аԥыза-министр  Алеқсандр  Анқәаб Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит цәыббрамза 22 рзы имҩаԥысыз Ашәарҭадара ахеилак аилатәара аихшьалақәа рыла инапынҵақәа рынагӡара инамаданы, амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи  Пустовалов напхгара зиҭаз аусуратә гәыԥ аԥҵаразы Адҵа ишаҵаҩу. 

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Асҭамыр Кациа аихацалакытә разриад ала аплиажтә ԥкьаҭмпыл азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Ачемпионат Дагомыс ақалақь аҿы, цәыббрамза  20 инаркны цәыббрамза 24 аҟынӡа имҩаԥысуан.

Аҟәа.  Цәыббрамза  26, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс. Цәыббрамза 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы амилициа аусзуҩцәа Анӡор Бичваиа зыԥсҟы икыз автомашьына ааныркылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Атранспорттә хархәага агәаҭараан аслон аҿы аԥхьатәи атәарҭақәа рыбжьара аҵиаа иалху амаҭәашьар рбеит. Имҩаԥгаз аекспертиза ишьақәнаргылеит уи зыкапан 22 грамм иреиҳау «амарихуана» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьарны ишыҟоу.

Аҟәа.  Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, Аҟәа ақалақь акаҳуажәырҭа "Le Сhalet" аҟны иҟалаз амцакра афымцацәаҳәа икьаҿу реидкьыслара иахҟьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  Иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ааха аӡәгьы имоуӡеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша   зыҽҳәара 10 шықәса рҟынӡа инаӡо абиометриатә ҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа раиуразы азыҳәамҭақәа рыдкылара еиҭалагоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Амцахара» алахәылацәа цәыббрамза 23, 2022 шықәсазы имҩаԥысыз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи аҿартә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара иахцәажәеит.    

«Даара гәахәарала иҳадаҳкылеит ҳҿар ӷәӷәала ишьақәгылоу аԥсҭазааратә позициа ахьрымоу, ҳхьыбҿар рпотенциал анагӡареи ауаа хра злоу ацхыраара рыҭареи рзы ахықәкы рымоуп, урҭ рыбжьара еиҳа-еиҳа иҿиоит  ауаажәларратә активреи ахьыԥшымзаареи, дара анаҩстәи рыԥсҭазаараҿы рхықәкызаареи, ирымоу аидеиақәеи рзы ргәаанагара ҿыӷәӷәала, иаартны ирҳәоит. Адәныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысыз аиԥылара аҿы иԥхьагылоу ҳҿар Урыстәыла имҩаԥнаго аполитика ишадгыло, насгьы Урыстәылатәи Афедерациеи уи Ахада Владимир Путини  иҷыдоу арратә операциеи ихарҭәаам амобилизациеи  адгылара иазкны ауаажәларратә кампаниа амҩаԥгара азы ирымоу агәҭакқәа ртәы рҳәеит», –­ ҳәа иазгәаҭоуп апартиа иҟанаҵаз акомментариа аҟны.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 24 – 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аҟәафон Open - 2022». Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан атурнирқәа хԥа:  атурнир А – аиҳабацәа, атурнир В -   12 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара, атурнир С – 8 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рзы.

Аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аԥаратә ҳамҭақәа, ахраҿақәа, амедалқәеи аҳаҭыр шәҟәқәеи ранашьахеит.

Атурнир актәи амш азы имҩаԥысуан ахәыҷтәы турнирқәа ҩба - С (8 шықәса зхымҵыц), В – (12 шықәса зхымҵыц) рзы.

Атурнир С  аҿы аиааира ргеит: Стилиан Мықәба (ақ.Пицунда), Анзор Биджев (ақ.Аҟәа), Емиль Ҷкотуа (ақ. Аҟәа).

Аӡӷабцәа рыбжьара иреиӷьу ахәмарҩцәа ҳәа иалкаахеит - Анна Палаванӡиа (ақ.Аҟәа), Адриана Ладариа (ақ.Гәдоуҭа), Лаура Аргәын (ақ.Аҟәа).

Атурнир В аҿы аиааира ргеит: Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа), Петрос Казанџьиан (ақ.Гагра), Самир Аҩардан (ақ.Гәдоуҭа).

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи иарҭеит Чечентәылатәи иааны хатәгәаԥхарала араҟа еибашьуаз, Аԥсны Афырхаҵа Алхазур Сулеиманов ихатәы маҭәақәеи идокументқәеи иабџьари, ҳәа иаанацҳауеит амузеи апресс-маҵзура.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Алхазур Сулеиманов иҭаацәа -  иԥшәмаԥҳәыс Анжела Хоџьикиан, иԥа Хамзат Сулеиманов, иашьеиԥа Билал Сулеиманов, иаҳәшьаԥҳа Луиза Хромова, аҭаацәа рыуацәеи рҩызцәеи, Аԥсны ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩ Геннади Аламиа, Аԥсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адиректор Ирина Агрба, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа рымадара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал.

1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа рзал аҿы  еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит амузеи адиректор Мзиа Беииа.  Уи чечентәи хатәгәаԥхарауаҩ аибашьраан иԥсҭазаара аҟынтәи аинтерес зҵоу аепизодқәа еиҭалҳәеит.

Геннади Аламиа, Ирина Агрба (аибашьраан лара Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟаз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аштаб аҿы аус луан), Алхазур Сулеиманов иԥшәмаԥҳәыс Анжела Хоџьикиан, ас еиԥш аҵак ду зҵоу агәалашәаратә еиԥылара амҩаԥгара азы иҭабуп рҳәеит. Алхазур Сулеиманов иԥа Хамзаҭ қәыԥш еизаз рахь ихы рханы, иаб зынагӡара дахьымӡаз анагӡареи уи ихьӡ аԥсахареи  рзы илшо зегьы шыҟаиҵо, иҳәеит.

Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аколлекциа Аԥсны Актәи Ахада А.Г.Арӡынба Алхазур Сулеиманов ҳамҭас ииҭахьаз асистема "Наган" иатәу хьыӡҳәалатәи атапанча, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа,  иара убас аҳәагьы рыла ихарҭәаахеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.