АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2022

«АМЦАХАРА» АԤЫЗА ҾАРАЦӘА УРЫСТӘЫЛА АЦХЫРААРА АҬАРА АЗЫ РЫӠБАҬА ИАДГЫЛОИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Амцахара» алахәылацәа цәыббрамза 23, 2022 шықәсазы имҩаԥысыз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи аҿартә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара иахцәажәеит.    

«Даара гәахәарала иҳадаҳкылеит ҳҿар ӷәӷәала ишьақәгылоу аԥсҭазааратә позициа ахьрымоу, ҳхьыбҿар рпотенциал анагӡареи ауаа хра злоу ацхыраара рыҭареи рзы ахықәкы рымоуп, урҭ рыбжьара еиҳа-еиҳа иҿиоит  ауаажәларратә активреи ахьыԥшымзаареи, дара анаҩстәи рыԥсҭазаараҿы рхықәкызаареи, ирымоу аидеиақәеи рзы ргәаанагара ҿыӷәӷәала, иаартны ирҳәоит. Адәныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысыз аиԥылара аҿы иԥхьагылоу ҳҿар Урыстәыла имҩаԥнаго аполитика ишадгыло, насгьы Урыстәылатәи Афедерациеи уи Ахада Владимир Путини  иҷыдоу арратә операциеи ихарҭәаам амобилизациеи  адгылара иазкны ауаажәларратә кампаниа амҩаԥгара азы ирымоу агәҭакқәа ртәы рҳәеит», –­ ҳәа иазгәаҭоуп апартиа иҟанаҵаз акомментариа аҟны.

Акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны астол гьежьқәа, аизарақәа, афлешмобқәа мҩаԥгахоит. Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьатәи аусмҩаԥгатә амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп жьҭаарамза  7 -  Владимир Путин иира Амш аҽны.

«Апартиа «Амцахара» Урыстәыла Донбасс ажәлар анацизм аҟынтәи аиқәырхареи аиашамра аҿагылареи рзы имҩаԥнаго ақәԥара аҿы адгылара аҭара иазкны аԥснытәи аԥыза ҿарацәа хьаҳәхьачарада ирыдыркылаз аӡбамҭа иадгылоит. Ҳара ас еиԥш иҟоу – аҟыбаҩ ду злоу, згәы цҳафыруа, еилымгыло, зхықәкы анагӡара иашьҭоу, иахьа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада  идикылаз аҭоурыхтә ӡбамҭа  хра злоу ақәҿыҭра азҭаз, аганахь имнаскьаз аҿар ҳрызгәдууп. Ҳара ихыдҵаны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп иахьа – аҿар  рылшарақәа раарԥшреи рышьақәгылареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, рызкызаара аԥшаареи иалырхыз амҩа аҿы ақәҿиарақәа роуртә аҟаҵареи ҳуалуп», – ҳәа аҳәамҭа аланарҵәеит аполитикатә партиа «Амцахара».


Read 381 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 10:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.