АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Цәыббра.2022

ИХЫРКӘШАХЕИТ XV АИУБИЛЕИТӘ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШАХМАТТӘ ФЕСТИВАЛЬ «АҞӘАФОН OPEN - 2022».

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 24 – 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аҟәафон Open - 2022». Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан атурнирқәа хԥа:  атурнир А – аиҳабацәа, атурнир В -   12 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара, атурнир С – 8 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рзы.

Аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аԥаратә ҳамҭақәа, ахраҿақәа, амедалқәеи аҳаҭыр шәҟәқәеи ранашьахеит.

Атурнир актәи амш азы имҩаԥысуан ахәыҷтәы турнирқәа ҩба - С (8 шықәса зхымҵыц), В – (12 шықәса зхымҵыц) рзы.

Атурнир С  аҿы аиааира ргеит: Стилиан Мықәба (ақ.Пицунда), Анзор Биджев (ақ.Аҟәа), Емиль Ҷкотуа (ақ. Аҟәа).

Аӡӷабцәа рыбжьара иреиӷьу ахәмарҩцәа ҳәа иалкаахеит - Анна Палаванӡиа (ақ.Аҟәа), Адриана Ладариа (ақ.Гәдоуҭа), Лаура Аргәын (ақ.Аҟәа).

Атурнир В аҿы аиааира ргеит: Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа), Петрос Казанџьиан (ақ.Гагра), Самир Аҩардан (ақ.Гәдоуҭа).

Ари ақәратә категориа иаҵанакуа аӡӷабцәа рыбжьара зегьы иреиӷьу алҵшәақәа аадырԥшит Сариа Лакоба (ақ.Гәдоуҭа), Алеқсандра Аҩӡба (ақ.Гәдоуҭа),  Арина Хамматуллина (Ҭаҭарсҭан).

Иара убас Иарку Акционертә Еилазаара «Аҟәафон-GSM»ахьӡала аџьшьаратә ҳамҭақәа ранашьахеит – аноминациа «Апрогресс 2022 шықәса азы» аҿы Давид Тҟьебучаа, аноминациа «Зегьы раасҭа иқәыԥшу алахәыла» аҿы  Елизавета Лазба.

 Атурнир А аҩбатәи амш азы актәи аҭыԥ ааникылеит Едуард Папазиан (ақ. Шәача), аҩбатәи аҭыԥ - Альберт Карапетиан (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ - Трисҭан Кәарацхьлиа (ақ. Аҟәа).

Амилаҭтә реитинг ала актәи аҭыԥ ааникылеит Артиом Табариан, аҩбатәи аҭыԥ – Даур Зыхәба, ахԥатәи аҭыԥ – Ушанги Кәыҵниа, урҭ зегьы Аҟәа ақалақь аҿы инхоит.

Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Борис Наҟоԥиа (ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ – Евгени Равдин (Гәылрыԥшь аҳабла), ахԥатәи аҭыԥ –  Константин Ҭыжәба (ақ. Аҟәа).

Ашколхәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Сарида Лакәатаа, аҩбатәи аҭыԥ – Нестор Багателиа, ахԥатәи аҭыԥ – Дениел Полеи, рыхҩыкгьы Аҟәа ақалақь инхоит.

Аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Дариа Касиан (ақ. Гагра).

Атурнир аркра иазкыз ацеремониа аҟны Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба амобилтә еимадара азы Иарку Акционертә Еилазаара «Аҟәафон-GSM» шықәсырацәа инеиԥынкыланы ашахматқәеи Аԥсны ахәыҷтәы спорти ианаҭо адгылара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит. «Афестиваль «Аҟәафон Open 2022» Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҿы имҩаԥысуа атурнирқәа рахь ицо ҳшахматист ҿарацәа рзы хра злоу зыҟаҵараны иҟалеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Константин Ҭыжәба.

 

 


Read 343 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 09:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.