АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Цәыббра.2022

В.Г.АРӠЫНБА ИХЬӠ ЗХУ АРРАТӘ АХЬӠ-АԤША АМУЗЕИ АКОЛЛЕКЦИА АԤСНЫ АФЫРХАҴА АЛХАЗУР СУЛЕИМАНОВ ИХАТӘЫ МАҬӘАҚӘЕИ ИАНАШЬАЗ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАМҬАҚӘЕИ РЫЛА ИХАРҬӘААХЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи иарҭеит Чечентәылатәи иааны хатәгәаԥхарала араҟа еибашьуаз, Аԥсны Афырхаҵа Алхазур Сулеиманов ихатәы маҭәақәеи идокументқәеи иабџьари, ҳәа иаанацҳауеит амузеи апресс-маҵзура.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Алхазур Сулеиманов иҭаацәа -  иԥшәмаԥҳәыс Анжела Хоџьикиан, иԥа Хамзат Сулеиманов, иашьеиԥа Билал Сулеиманов, иаҳәшьаԥҳа Луиза Хромова, аҭаацәа рыуацәеи рҩызцәеи, Аԥсны ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩ Геннади Аламиа, Аԥсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адиректор Ирина Агрба, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа рымадара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал.

1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа рзал аҿы  еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит амузеи адиректор Мзиа Беииа.  Уи чечентәи хатәгәаԥхарауаҩ аибашьраан иԥсҭазаара аҟынтәи аинтерес зҵоу аепизодқәа еиҭалҳәеит.

Геннади Аламиа, Ирина Агрба (аибашьраан лара Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟаз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аштаб аҿы аус луан), Алхазур Сулеиманов иԥшәмаԥҳәыс Анжела Хоџьикиан, ас еиԥш аҵак ду зҵоу агәалашәаратә еиԥылара амҩаԥгара азы иҭабуп рҳәеит. Алхазур Сулеиманов иԥа Хамзаҭ қәыԥш еизаз рахь ихы рханы, иаб зынагӡара дахьымӡаз анагӡареи уи ихьӡ аԥсахареи  рзы илшо зегьы шыҟаиҵо, иҳәеит.

Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аколлекциа Аԥсны Актәи Ахада А.Г.Арӡынба Алхазур Сулеиманов ҳамҭас ииҭахьаз асистема "Наган" иатәу хьыӡҳәалатәи атапанча, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа,  иара убас аҳәагьы рыла ихарҭәаахеит.

Алхазур Осман-иԥа Сулеиманов (1959 - 2022) – Аԥсны Афырхаҵа (1995), алеитенант, ахысҩы. Диит Казахсҭан, 1968 шықәса рзы иара иҭаацәа Грозныи ақалақь ахь ихынҳәит. 1981 шықәса инаркны ԥхьатәара иҟоу афицар. Чечентәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аҭыжьратә ҟәша аиҳабыс аус иуан. Кавказтәи ажәларқәа Рконфедерациа ааԥхьарала  Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аналага уи Қырҭтәылатәи аҳәынҭсовет аруаа рҟынтәи ахьчаразы раԥхьаӡа игылаз дреиуан.  1992 шықәса инаркны аԥснытәи архәҭақәа реилазаара далан. Бзыԥтәи ахьчаратә цәаҳәа аҿы дыҟан. Аладатәи Ешыра  аӷа  итанкқәа ржәылара аԥхьырҟәҟәаара далахәын. Гагра ақалақь  ахақәиҭтәреи Аԥсны аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭа ахақәиҭтәреи рзы ажәыларақәа дрылахәын. Актәи Шроматәи ажәыларатә операциа (абҵарамза, 1992 ш.),   Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра азы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара (1993), изныкымкәа ақырҭуа архәҭақәа ртыл аҩныҵҟа аԥшыхәра-диверсиатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын. Ԥхынгәымза, 1993 шықәсазы имҩаԥгаз ажәыларатә операциа аан ашьха Ахбиук аҿы ахәра иоуит, уи иахҟьаны ишьапы ицәыӡит.  1999 шықәса инаркны иара Гагра ақалақь аҿы дынхон.  

«Ҳара Аԥсны аибашьраан адагьы аҭынч аамҭазгьы адгылара аҳҭаларц ҳҭахуп, ҳаԥсы еиԥш бзиа иаабаз Аԥсны аҳәынҭқарра аргылара иадҳәалоу апроцессқәа ҳхы алаҳархәларц ҳҭахуп», - ҳәа хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡала иҳәон Алхазур Сулеиманов.


Read 411 times - Ашәахьа, 26 Цәыббра 2022 19:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.