АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА АНТИТЕРРОРИСТТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА АХЬЫМҨАԤЫСУАЗ АБАӶӘАЗА-2022 ДАҬААИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа антитеррористтә зыҟаҵарақәа ахьымҩаҧысуаз Абаӷәаза-2022 даҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Аҳәынҭқарра  Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада Аслан Бжьаниа иахьа Аҟәатәи амшынтә баӷәаза даҭааит антитеррористтә зыҟаҵарақәа ПОРТ-2022 шымҩаԥысуаз агәаҭаразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра амчратә еилазаарқәеи Урыстәылатәи Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура рзеиԥштә ҵара азырхоуп атерроризми аполитикатә екстремизми рҿагылара.

Азыҟаҵарақәа ирылахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзурақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә  ҳазалхратә еилакы, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада аихшьалатә цәаҳәаҿы ирыдиныҳәалеит қәҿиарала имҩаԥысыз азыҟаҵарақәа.

"Ишәыдысныҳәалоит қәҿиарала  еицымҩаҧыжәгаз антитеррористтә зыҟаҵарақәа", - иҳәеит Бжьаниа, уи алахәцәа ихы рықәкны.

Аманиоврқәа рҿы ахархәара рызун акәылӡтәы техника, аснаиперцәа, аӡхәыҵалаҩцәа, ацхырааратә машьына ласы, амцарцәаратә машьынақәа.

Азыҟаҵарақәа раан имчыдатәын амшынтә баӷәаза аҵакыраҿы атҟәацәа аанкыланы изкыз  адиверсиатә гәыҧқәа, .

Ас еиԥш азыҟаҵарақәа мҩаԥысраны иҟоуп аҳауеимадара аҭыԥ аҟынгьы.

 


Read 404 times - Ашәахьа, 26 Цәыббра 2022 18:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.