Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Қырҭтәыла иахьаҵанакуа, Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа азааигәара, ақырҭуа хҵәацәа Аԥсныҟа рырхынҳәра азы ааԥхьарақәа ахьыҟаҵаз, ақырҭуа активистцәа рыла еиҿкааз акциа мҩаԥысит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ас еиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа аҳәаа иаԥну азона аҿы ҩаԥхьа аҭагылазаашьа адестабилизациа иазку провакациак аҳасабала иахәаԥшуеит.
«Аҭыԥ дуқәа аанызкыло ақырҭуа маҵурауаа Қырҭтәыла иҟоу апробемақәа ҭынч мҩала аӡбаразы агәҭакқәа амоуп ҳәа аҳәамҭақәа шыҟарҵогьы, аус аҿы Қырҭтәыла ҳрегион аҿы ашәарҭадара ашьаҭақәа рышьақәҟьара зылшо еиуеиԥшым ашьаҿақәа ҟанаҵоит»,-ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз Ахцәажәара аҿы.
Иҟоу адыррақәа рыла, Еиду Америкатәи Аштатқәеи Европатәи атәылақәа Реидгылареи Ацҳаражәҳәарҭақәа рыла қырҭтәылатәи ауаажәларратә активистцәа рҿаԥхьа ахҵәацәа Аԥсныҟа рырхынҳәра азҵаара ҩаԥхьа ашьҭыхра азы ахыдҵа ықәыргылан.
«Америкатәи акураторцәа напхгара зырҭо апровакациақәа аԥсуа уаажәларра рыҩныҵҟа акыр иҵоурам ареакциа арҿиоит, ишиашоу арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи иаԥырхагоуп, - ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра.