АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2022

АСҬАМЫР КАЦИА АПЛИАЖТӘ ԤКЬАҬМПЫЛ АЗЫ КРАСНОДАРТӘИ АТӘЫЛАҾАЦӘ АЧЕМПИОНАТ АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Асҭамыр Кациа аихацалакытә разриад ала аплиажтә ԥкьаҭмпыл азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Ачемпионат Дагомыс ақалақь аҿы, цәыббрамза  20 инаркны цәыббрамза 24 аҟынӡа имҩаԥысуан.

Асҭамыр Кациа жәиԥшь шықәса роуп ихыҵуа, уи аа-шықәса ҵуеит ари аспорт хкы ала иҽазыҟаиҵоижьҭеи.  Лаҵарамза, 2022 шықәса рзы уи дахыԥхьаӡалахеит Адлертәи аԥкьаҭмпыл азы акоманда,  араҟа рҽазыҟарҵоит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩцәа Татиана Зининеи Роман Петрунини рнапхгарала.


Read 347 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 11:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.