АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АХАДА АҚАЛАҚЬҚӘЕИ АРАИОНҚӘЕИ РХАДАЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

  Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа инамаданы. Ара иалацәажәеит иҟоу ашәарҭареи иҟалар зуа апровокациақәа рықәҿыҭразы мҩақәас иҟоуи. Аҳәынҭқарра    Ахада дазҵааит ареспубликаҟны амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы аҭыԥаҟны имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа ртәы. Аслан  Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит ашәарҭадара азҵаарақәа ԥыжәара зҭатәу  ак ракәны ишыҟоу, ихадароу аҵакы шрымоу.

Аԥыза-министр  Алеқсандр  Анқәаб Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит цәыббрамза 22 рзы имҩаԥысыз Ашәарҭадара ахеилак аилатәара аихшьалақәа рыла инапынҵақәа рынагӡара инамаданы, амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи  Пустовалов напхгара зиҭаз аусуратә гәыԥ аԥҵаразы Адҵа ишаҵаҩу. 

  

Аслан Бжьаниа администрациақәа рхадацәа рыхшыҩ азишьҭит аҭыԥаҟны анапхгаратә усура арӷәӷәара шаҭаху атәы, арратә комиссариатқәа русура аиҿкаараҟны иахьынӡауа ацхыраара рыҭара азҵаара.

Аилацәажәараҟны ишьҭыхын афымцамч усхк, аҭыԥантәи абиуџьет анагӡара, араионқәа рыҟны аинвестициақәа радԥхьалара аизырҳара уҳәа реиԥш иҟоу егьырҭ  азҵаарақәагьы. 

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада  Ихаҭыҧуаҩ  Бадра Гәынба,  аԥыза-министр Алеқсандр  Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада  Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ  Беслан Џьопуа,  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ  Зураб Қаџьаиа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Озган Кристина, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы  Роберт Киут, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа.

 


Read 414 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 12:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.