Items filtered by date: Аԥшьаша, 05 Рашәара 2025
Сухум. 5 июня 2025. Апсныпресс. Министр туризма Астамур Логуа 4 июня посетил "Комплекс Новоафонской пещеры имени Г. Ш. Смыр", сообщает пресс-служба Минтуризма.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 1, 2025 шықәсазы Аԥсны аусура зылшо аӡәы ихныҟәгаразы ахарџьқәа 16 515,6 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны астандарт азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Ахныҟәгаратә минимум ахь иаҵанакуеит:
– афатә-ажәтә атауарқәа – 8 257,8 мааҭ;
– абзазара-ааглыхратә уҳәа егьырҭ атауарқәа – 4128,9 мааҭ, зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәа – 4128,9 мааҭ.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ацирктә шоу «Агәымшәақәа реҵәаџьаа» («Созвездие смелых») агастрольқәа рашәарамза 14 инаркны цәыббрамза 14 аҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит.
Апрограмма аҿы иҟоуп ашәа зҳәо абжьасқәеи амшәқәеи уахь иналаҵаны, ибжьоу аԥстәқәа рықәгыларақәа, акробаттә номерқәа, ашәарҭара зцу ажанрқәа релементқәа, иара убас жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа заухьоу атруппа артистцәа злаху аклоунада (ақьачақьра).
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Аҟәатәи аиндустриалтә коллеџь астудентцәа аҭыԥқәа рыднагалеит.
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» анапхгараҭара Аҟәатәи аҳәынҭқарратә индустриалтә колеџь аҿы алекциа-аӡыргара мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Автоеиԥхныҩлара «Аамҭақәа реимадара, абиԥарақәа реимадара» Аԥсны рашәарамза 6 рзы имҩаԥысуеит.
Акциа алахәылацәа идықәлоит асааҭ 8:00 рзы Аҟәа ақалақь, аихамҩатә станциа «Гәыма» аҟынтәи. Урҭ рмаршрут: ақалаққәа Афон Ҿыц – Гәдоуҭа – Гагра – Аҟәа.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цандрыԥшьтәи ашьапылампыласыҩ ҿарацәа ркоманда «Саӡаа» Анапа имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи атурнир Russian Cup аҿы аџьазтә аԥхьахә ргеит.
Акоманда азы апиедестал ахь амҩа мариамызт. Аибарххара зныԥшуаз афиналтә матч аҿы акоманда «Саӡаа» ашьапылампыл асыҩ ҿарацәа Аҟәатәи Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда асчиот 4:3 ҳәа иаҵахеит. Аха аспортсменцәа ргәы камыжькәа зеиӷьаҟам ала ахԥатәи аҭыԥ агаразы аматч аҿы иқәгылеит. Араҟа еиԥылеит «Саӡаа» акомандеи «Метеор» (Ҟрым) акомандеи, цандрыԥшьаа ахәмарра бзиа аарԥшны, асчиот 5:0 ала аиааира агара рылдыршеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аԥыррақәа ргеографиа арҭбаауеит. Убас, рашәарамза 28 инаркны Ханты-Мансискынтәи аҳҭнықалақь аҟынӡа ареисқәа абри аамҭаеихша ала иоурыжьҭуеит:
–Ханты-Мансискынтәи иԥыруеит асааҭ 04:35 рзы, Аҟәаҟа иаауеит асааҭ 09:30 рзы.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аусбарҭаны еиҭеиҿкаау Аԥсны аҵара Аминистрра азеиԥш, абжьаратәи, азанааҭтәи аҵарадырра аҟәша аиҳабыс дҟарҵеит Маиа Цыбулевскаиа.
Аминистр Хана Гәынба аколлектив анапхгаҩ ҿыц дыдлырдырит, ари аҩыза аиҭакрагьы шьаҭас иамаз далацәажәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩашәагатә вагон аиасра аихшьаалақәа рыла Ԥсоуи-Аҟәеи еимаздо аихамҩа аҭагылазаашьа ахәшьара бзиа аиуит.
Аихамҩа азеиԥш наӡара 101 км. рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә 60 км. ибзиаӡоуп ҳәа ахәшьара аҭоуп, 31 км. - ибзиоуп, 10 км. – хар амам ҳәа ахәшьара аиуит.
Ареспубликатә Унитартә Наплакы Аԥсны Аихамҩа адиректор Хада Арсоу Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, ас еиԥш алҵшәақәа раиура зыбзоуроу Аԥснытәи аихамҩа аколлектив аҵыхәтәантәи ҩба-хԥа шықәса рыҩныҵҟа ҳәоуеиқәшәарала занааҭдыррала русеицура ауп.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза, 2025 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет ахь ашәахтә лагалақәа 412 млн. 920,8 нызықь мааҭ, уи 121% иартәоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра.
Хәымз рыла ареспублика абиуџьет иалагалаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 2 млрд. 100 млн. 337,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 1 млрд. 883 млн. 786,4 нызықь мааҭ. Анагӡара 111% рҟынӡа инаӡеит.








