АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынҷкәын.2025

Урыстәыла атәылауаҩ, аполиттехнолог Иван Рева иганахьала административтә зинеилагаразы аматериалқәа аӡбарҭахь идәықәҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь апрокуратура Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа Рева И.Е., Тимофеев П.И., Будыкин Д.А. иаларҵаз арзаҳал, иара убас ЖӘЛАР Реизара - Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иалеиҵаз арзаҳали рыла апроцессуалтә гәаҭара амҩаԥгараан адмиинистративтә зинеилагарақәа аҭыԥ шамаз аанарԥшит, ҳәаадырра ҟаҵоуп Аԥсны апрокуратура Хада асаит аҟны. Убри инамаданы, ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Урыстәыла атәылауаҩ Рева И.Е. административтә зинеилагаразы аус хацнаркит:

  • Зықәра намӡац ақәыԥшцәа азакәан ззин ҟанамҵо аформақәеи аметодқәеи рыла акампаниа амҩаԥгара ралархәразы административтә ҭакԥхықәра азԥхьагәазҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкла ахәҭаҷ 41.19 ала;
  • Аԥсны Азакәан еилазго агитациатә материалқәа рҭыжьреи рыларҵәареи рзы административтә ҭакԥхықәра азԥхьагәазҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкла ахәҭаҷ 41.20 ала;
  • Алхрақәа ирыдҳәалоу акьыԥхьтә материалқәа гәҭакыла рыԥхасҭатәреи рзы административтә ҭакԥхықәра азԥхьагәазҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкла ахәҭаҷ 41.22 ала.

Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәсазы  Рева И.Е иганахьала административтә зинеилагарақәа рзы аматериалқәа ахәаԥшразы Аҟәатәи аӡбарҭахь идәықәҵоуп.

Имҩаԥысуа агәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас ЗҲәА «СДЛМ» ашьаҭаркҩы, адиректор хада Ахра Виктор-иԥа Смыр иумҭақәа рҿгьы административтә еилагарақәа аарԥшуп. Ари афакт ала ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 41.20 ала аакәан еилазго агитациатә материалқәа рҭыжьреи рыларҵәареи рзы аусеилыргара хацнаркит.

Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса рзы административтә зинеилагаразы аматериалқәа ахәаԥшразы Арбитражтә ӡбарҭа ахь идәықәҵахеит.  

Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа Рева И.Е., Тимофеев П.И., Будыкин Д.А., иара убас Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иаларҵаз ашшыбӷьыӡқәа рыла апроцессуалтә гәаҭара иацҵахоит. Уи алҵшәақәа рыла, абҵарамза  5, 2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақь, Абазаа  рымҩа аҩ.№ 36 аҿы иҟоу аофис аҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирылахәыз ахаҿқәа зегьы, иара убас аҭыԥатәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхратә кампаниа изакәанымкәа афинансыркра мҩаԥызгоз ахаҿқәеи  рхымҩаԥгашьа азинтә хәшьара аҭахоит.

 

 

 


Read 79 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.