Items filtered by date: Аԥшьаша, 09 Лаҵара 2024

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса аҵра иазку акциа «Ԥсра зқәым аполк» мҩаԥысит аԥшьаша, лаҵарамза 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

Раԥхьа акциа иалахәыз еизеит Ахақәиҭра Ашҭа аҿы.  Анаҩс Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов зхадараҿы дыҟаз аколонна Дырмит Гәлиа имҩала, анаҩс Леон имҩаду ала Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала идәықәлеит.  Аиасра Идырым асолдат ибаҟа аҿаԥхьа иаанкылеит. Амҩан аколонна иацлон ауаа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 9 мая 2024. Апсныпресс. Спикер Народного Собрания – Парламента Лаша Ашуба поздравил ветеранов Великой Отечественной войны с Днем Победы.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аиааира Амш рыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Акыр иаԥсоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны Аиааира Амш!

Аиааира амш аҽны ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит зхы-зыԥсы иамеигӡаз, Аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчаразы игылаз.

Ҳара ҳрызгәдууп иара убас иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу аветеранцәа, хашҭра рықәым здунеи зыԥсаххьоу.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа.  Лаҵарамза  9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа  аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра азгәарҭеит Очамчыра ақалақь аҿы.

Ашьыжь 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.  Уи рхы аладырхәит араион Ахадара анапхгара, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа ақалақь ауааԥсыра, ақалақь иаҭааз асасцәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра иазкны  маланыҟәала аиԥхныҩлара «Иҭабуп Аиааиразы» мҩаԥысит.

Сынтәа маланыҟәала аиԥхныҩлара аиҿкаара рхахьы иргеит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи амаланыҟәаратә еилазаареи «Ridebike Apsny».

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра аусзуҩ Евгени Павлов иажәақәа рыла, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш азгәаҭара иазкны Аҟәа маланыҟәала аиԥхныҩларақәа рымҩԥгара традициа бзианы ишьақәгылахьеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира 79-шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган арратә парад. Аруаа шьаҿеиқәшәала ииасит.

Агәырӷьаратә марш адырҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аоркестр.

Апарад иалахәын Атәылахьчара Аминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра а-7-тәи арратә базеи Уыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыррамаҵзурауаа, зынӡа 17 парадтә гәыԥ - иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра  аусзуҩцәа рколоннақәагьы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш  79 -шықәса ахыҵра азгәарҭоит азгәарҭоит.

Асааҭ 08:00 рзы акциа «Агәалашәара амца» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсныҟа иаагаз Алеқсандртәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы азааигәара  иҟоу  Идырым асолдаҭ Иҳаҭгәын аҟынтәи амца ахәҭаҷ ала Аҟәа ақалақь Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан «Иҿымцәаауа амца» адыркит.    

Асааҭ 10:30 рзы Идырым асолдаҭ иҳаҭгәын амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа алагеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны инхоит 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа  15-ҩык аветеранцәа:

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааира амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааира Дуӡӡа 79 шықәса ахыҵра амш!

Лаҵарамза 9 – ҳара ҳажәлар рзы иԥшьоу рыцхәуп. Ари милаҭрацәала еилоу Аԥсадгьыл, асоветтә тәыла ду ахьчаразы игылаз асовет уаа иаадырԥшыз аиаша ацәхьамҵреи ахачҳареи ирсимволуп.

Акыр иаԥсоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа!

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.