Items filtered by date: Аԥшьаша, 08 Лаҵара 2025
Сааԥсеит издырӡом: еибашьҩык, тәылауҩык иҭоурых.
Ари аочерк аҿы сара маҷк иадамзаргьы сабду сихцәажәар сҭахуп, сынӡа дышқәыԥшӡаз еибашьра ицаз, Берлин аҟынӡа инаӡаз аибашьҩы гәымшәа Владимир Гәыџьыџь-иԥа Тураа. Исгәалашәоит, ҳаныхәыҷыз ҳара иара лассы-лассы ҳиҳәон аибашьра атәы, дшеибашьуаз атәы, уҳәа ҳзеиҭеиҳәерц. Аха иара уи есымша иҽахигон, зегьы алаф ахь ииаигон, «адумпеи сакәтәан сеибашьукан» ҳәа ҳаиҳәон. Усҟан иабаҳдыруаз ҳара иара изы шаҟа иуадаҩыз урҭ амш еиқәаҵәақәа ргәалашәареи рылацәажәареи, иаҳзеилкаауамызт аибашьра иазку афильмқәа дзырмыхәаԥшуаз, ашәарыцага шәақь шимазгьы, амԥан дзымнеиуаз. Ҳаныҩеидас, ҳәарада, еилаҳкааит зегьы. Иара агәалашәарақәа рылагьы ицәыуадаҩын уи аамҭа хлымӡаах ахь аиасра.
Сара сабду ақәра ду ниимҵаӡеит. Исгәалашәоит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага, иара даҽа еибашьрак сахаанхоит ҳәа сыҟамызт ҳәа иҳәоз ажәақәа. Сара сабду иԥсҭазаара даналҵуаз 75 шықәсагьы ихымҵӡацызт. Ҳара ҳгәалашәараҿы иара даанхеит згәы разыз, аха убри аан зажәа иахымԥоз, ианаҭахха азы злеишәагьы цәгьаз, аха ианакәызаалакгьы аиаша иадгылоз уаҩны. Иара дыздыруаз зегьы даара пату иқәырҵон, иажәа иазыӡырҩуан. Аха иара ахаангьы ахӡыргара иашьҭамыз уаҩын, аибашьраҿы иааирԥшыз афырхаҵареи уи азы иоуз аџьшьарақәеи рылацәажәара ицәымӷын, иԥсы ҭанаҵы аветеран иаҳасабала ихәҭаз џьара зинҷыдак ихы иаимырхәаӡеит. Ихатә џьабаала дынхон-дынҵон.
Валентина Матвиенко поздравила Лашу Ашуба с Днём Победы в Великой Отечественной войне
Cухум. 8 мая 2025. Апсныпресс. Председатель Совета Федерации Федерального Собрания Российской Федерации Валентина Матвиенко поздравила Спикера Народного Собрания – Парламента Республики Абхазия Лашу Ашуба с Днём Победы в Великой Отечественной войне.