АЖӘАБЖЬҚӘА

Items filtered by date: Ашәахьа, 16 Цәыббра 2024

 

 

 

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысит Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аделегациа аԥылара иадҳәалоу ацеремониа. Уи 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ауниверситет арҵаҩцәеи астудентцәеи рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит.

Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аделегациа аилазаараҿы иҟан – адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Стециук, Т. Г. Шевченко ихьӡ зху Приднестровтәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Владислав Соколов, Ауниверситет актәи апроректор Лариса Скитскаиа, иара убас Приднетровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахада Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра амадара азы ицхырааҩ Витали Бондарь.

Аиԥылара аартуа, ААУ аректор Алеко Гәарамиа асасцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхи ашьақәгылареи, иара убас уи жәларбжьаратәи аусеицуреи ртәы рзеиҭеиҳәеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб дидикылеит аамҭала акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.

Лара цәыббрамза 11 – 14 рзы ақалақь Санкт-Петербург имҩаԥысуаз еидгылоу акультурақәа X Рфорум алахәхара атәы еиҭалҳәеит.

Жәларбжьаратәи афорум апленартә еилатәара аҿы аделегациақәа рхадацәа рҿаԥхьа дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин. Уи иҿыцу азеиԥш жәларбжьаратәи амилаҭтә культурақәа ринфраструктура  ашьақәыргылара аамҭа ааит ҳәа иазгәеиҭеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла Қырҭтәыла анапхгаратә партиа «Қырҭтәыла агәахәтәы» («Грузинская мечта») ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла амчрақәа жьҭаара 26 рзы имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рҟны риааира ашьҭахь 2008 шықәсазтәи аибашьразы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵаразы амчқәа шырыԥшаауа азы иҟаиҵаз аҳәамҭа азхьаԥшра анаҭоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбахә шаҵанамкуагьы иазгәаҳҭар ҳҭахуп асеиԥш аҳәамҭа – Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рыжәларқәа рахь аҭамзаара шьҭаҵаны аинышәарахь ареалтә шьаҿақәа ҟаҵазар, ииасыз аамҭа агхақәа ахәшьара ҿыц рыҭазар, аполитикатәии аекономикатәии қәыӷәӷәаратә методқәа мап рыцәкызар – ҭынчрыла аицынхареи агәылеимабзиареи рахь апроцесс раԥхьатәи ашьаҿақәа иреиуахар ауеит ҳәа.

Апатын Биӡина Иванишвили иҳәамҭа иунарбоит уаанӡатәи ҳаизыҟазаашьақәа раан аиԥш Қырҭтәыла иахьагьы ишыҟоу алшара агхақәа разхаҵаразы, аҿыцхәшьара рыҭаразы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа  Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак аилатәара ихы алаирхәит.   Аусмҩаԥгатә сҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аплошьадка аҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Абесалом Кәарҷиа Ахеилак алахәылацәа атәыла аԥсҭазаара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рыла аобиективра аарԥшреи иаартны рексперттә гәаанагарақәа рҳәареи рабжьигеит.

«Аҵарауаа – ари иҷыдоу уаауп, избан аеәзар, анаука, ҳәара аҭахума, ахацәнамырхара, ахамеигӡара аҭахуп.  Аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак аԥҵара ахықәкы хаданы иҟан атәыла анапхгареи аҵарауаа ҿарацәеи атәыла азы ихәарҭоу апланқәа шьақәдыргыларц», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббраза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амҽыша, цәыббамза 15, 2024 шықәса рзы, асоциалтә ҳақәеи  Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәаки рҿы  ателеграмм-канал ажурналист Девид Гобечиеи атәылауаҩратә активистка Лиа Агрбеи рықәлара мҩаԥган ҳәа адырра ҟалеит.  Ирыларҵәахаз аинформациеи, иара убас Девид Гобечиа авидео ала иҟаиҵаз аҳәамҭеи инарықәыршәаны, ақәылара ҟазҵаз асабрадақәа зҿаз зхаҭара шьақәыргылам ԥшьҩык. Урҭ ааха зауз ауаа изларҳәо ала, урҭ ргнахьала абаллонқәа ирҭаз агаз аурыжьҭит, Девид Гобечиа исит, иара убас Леиа  лхаҭагы илкыз ларҭмаҟ лымхны иҩны ицеит.   

«Иҟоу адыррақәа рыла, Ареспублика Аԥсны азинхьчаратә Усбарҭа ахь азыҳәамҭа дәықәҵоуп. Уахьынтәи исоуа аҭак ала сара иназыцҵоу акомментариақәа ҟасҵараны сыҟоуп», – ҳәа адырра ҟалҵеит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхчара знапы ианҵоу Анас Кьышьмариа.

 «Изакәаымкәа амч ахархәара назыгӡо, иара убас изакәаным ауснагӡатәқәа ирыдҳәалоу, оперативла ишьақәыргылазароуп, урҭ Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аҭакԥхықәра иақәыршәазаоуп», – ҳәа аҳәамҭа ҟалԥеит лара.

Ахәҭакахьала, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура  адырра ҟанаҵеит Аҟәатәи араионтә аҩныҵҟатәи аусқәа апресс-маҵзуа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агәыҳалалратә фонд «Аԥсны» Ҭҟәарчал араион Чхәарҭал ақыҭан    Ацқьа Гьаргь ихьӡ зху аныхабаа аиҭашьақәыргылара азы раԥхьатәи аԥаратә лагала ҟанаҵеит. Иарбоу ахықәкқәа рзы 500 нызықь мааҭ ирҭеит Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ахада Виссарион Аԥлиаа.  

Цәыббрамза 15 рзы имҩаԥысит Агәыҳалалратә Фонд «Аԥсны» ахада Лаша Сақаниеи аиереи Виссариаон Аԥлиааи реиԥылара.    Аиԥылара рхы аладырхәит иара убас амеценат Владимир Грызлови  уи иԥшәмаԥҳәыс Наталиеи.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

 

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа  Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иазку ажәыларатә аоперациа алагара амш 31 шықәса ахыҵит.  

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз ажәыларатә операциа 11 мшы имҩаԥысуан.

Цәыббрамза 16, 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахырхарҭала ажәылара иалагеит, ҳәа иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Уаликәа Ԥачлиа  ишәҟәы «Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра» аҿы.  «Ахҭысқәа рыҿиара абасала имҩаԥысуан:

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.