АЖӘАБЖЬҚӘА

Items filtered by date: Асабша, 17 Жәабран 2024

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәылацәеи  араионқәеи ақалақәқәеи рхадацәеи афымцамчтә усхк ахаҭанаркцәеи алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара иара убас иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза–министр Александр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

Амш азҵаараҟны иҟан Урыстәыла ахада иалхразы Аԥсны атәылауаа рыбжьаҭара амҩаԥгараҟны  УА Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара аҭареи ареспубликаҟны афымцамч аусхк аҟны иҟоу иҭагылазаашьеи  ирызку актуалра злоу азҵаарақәа.

Урыстәытәи Афедерациаҟны  аҟны имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҽырзаҟаҵара азҵаара инамаданы Бадра Гәынба алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа   ацхыраара иазку аусуратә гәыԥ аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада аусмҩаԥгатә иамоу аполитикатә ҵакы азгәаҭаны, анапынҵа ҟаиҵеит араионқәа рхадацәа цуҭацыԥхьаӡа алхыҩцәа агымкәа рыҟазаара алдыршарц. Аԥыза–министр Алеқсандр Анқәаб идиҵеит аҳәынҭқарратә маҵзурауааи абиуџьетуааи иахьынӡалшо абжьыҭара ралархәра хылаԥшра аиҭарц.

Аилацәажәараҟны хшыҩзышьҭра аҭан афымцамч аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

 

Сухум. 17 февраля 2024. Апсныпресс. Чрезвычайный и Полномочный Посол Абхазии в России Алхас Квициниа принял участие в научно-практической конференции «Евромайдан: потерянное десятилетие Украины»

Конференция прошла в  международном мультимедийном пресс-центре медиагруппы «Россия сегодня» 16 февраля под эгидой Российского исторического общества.

С вступительным словом к участникам и гостям конференции обратился Министр иностранных дел России Сергей Лавров.

«Запад использует Украину во всех смыслах для того, чтобы сдерживать Россию, для того чтобы, как сейчас они говорят, нанести России стратегическое поражение. Не позволить ей играть роль на мировой арене, которая ей положена по праву. В результате Украина, конечно же, превратилась в, наверно, самое бедное государство Европы, в территорию вымирающую», – отметил Лавров.

Касаясь вопроса диалога с Киевом, Лавров подчеркнул, что для начала Зеленскому нужно отменить декрет, запрещающий переговоры.

В  конференции  также  участвовали  сопредседатель Российского исторического общества, ректор МГИМО МИД России Анатолий Торкунов, председатель Правления Российского исторического общества, президент Фонда исторической перспективы Наталия Нарочницкая, офицер спецподразделения "Беркут" Дмитрий Сабына, украинский общественно-политический деятель, руководитель партии "Держава" Дмитрий Василец.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа анаука-практикатә конференциа «Евромайдан: потерянное десятилетие Украины» ихы алаирхәит.

Аконференциа жәабранмза 16 рзы жәларбжьаратәи амультимедиатә медиагәыԥ «Урыстәыла-иахьа» апресс-центр аҿы Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара ахылаԥшрала имҩаԥысит.

Аконференциа алахәылацәеи асасцәеи рахь алагалажәа ала дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

«Мрагыларатәи атәылақәа излалшо ала  Украина ахы иархәаны Урыстәыла аԥырхагахара, адунеитә арена аҿы иара иақәнагоу ароль анагӡара азы азин амоуа аҟаҵара, дара ишырҳәо еиԥш Урыстәыла астратегиатә аҵахара алыршара  азы еиуеиԥшым ала аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит.  Аус аҿы Украина ахаҭа, жәаҳәарада, иуҳәар алшоит Европа иҟоу аҳәынҭқаррақәа зегьы раасҭа иӷару ҳәынҭқарраны, уимоу, аиӡаара иаҿу ҵакыраны иҟалеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Лавров.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны.  ТАМШЬ-VILLAGE 2024» амҩаԥысра аҩбатәи амш азы 13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара аԥхьахәқәа згаз еилкаахеит.  Афестиваль алагеит жәабранмза 16 рзы Тамшь ақыҭан.  

Аиааирагара рҽазыршәон Аԥсни Алада Урыстәылеи рҟынтәи 40-ҩык инарзынаԥшуа ашахматист ҿарацәа.   

13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Багаҭелиа Нестор (ақ. Аҟәа), Лакоба Сариа (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқха  – Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла),  Смыр Мирра (ақ. Афон Ҿыц), ахԥатәи аҭыԥқәа  – Пономариов Арсени (ақ. Славианск-на-Кубани), Карапетиан Николь (ақ. Гәдоуҭа).

11 шықәса зхымҵӡац аспортсменцәа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит: актәи аҭыԥқәа – Конџьариа Кристиан (ақ. Гәдоуҭа), Сақаниа Саниа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа –  Тос-оглы Кемаль (ақ. Гагра), Тамбиа Сариа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа –  Кузнецов Даниил (ақ. Гәдоуҭа),  Егишева Таисиа (ақ. Гагра).

Аԥхьахәтә ҭыԥқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, асувенирқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, иара убас аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Даара агәынамӡара ҳазцәырнагеит 2019 шықәсазы урыстәылатәи атуристка лганахьала ацәгьоура ӷәӷәа ҟазҵаз Аԥсны атәылауаҩ Е. Г. Абыхәба, жәабранмза 2 рзы, иарбоу атәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ала уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ашьҭахь ихы ҭақәиҭыртәит ҳәа иҳауз адырра», – ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра а-Telegram-канал аҿы.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа аԥснытәи аиашаӡбара ареспублика иахьаҵанакуа иҟало ацәгьоурақәеи  ацәгьоуцәа ақәнага рақәыршәареи рганахьала акыр гәшаҭарала азнеира аанарԥшуеит  ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Апортал «Аԥсны агәалашәара ашәҟәы» иҳәаарку аибашьрақәеи аиҿагыларақәеи рветеранцәа рзы адыррақәа анылоит.  

«Аԥсны иалҵыз Донбасс, Афганисҭан, уҳәа егьырҭ аиҿагыларақәа рҿы иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәразы адыррақәа реизгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Аурысцәа Реилазаара ахантәаҩы Роман Риазанцев.

Абиблиографиатә дыррақәа ркьыԥхьра азԥхьагәаҭоуп  лаҵарамза 6 рзы иазгәарҭо  Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуаз Имш аламҭалазы.  

Афганисҭантәи  аибашьра аветеранцәа рзы аинформациа абри аелектронтә ԥошьҭа ала идәықәуҵар алшоит: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. III Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2024» жәабранмза 16 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иаатит.

Афестиваль мҩаԥнагоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа. Убри аан адгылара ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Актәи амш азы 9-шықәса зхымҵӡац аспортсменцәа рыбжьара атурнир мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьи Москва ақалақьи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа аспортсмен ҿарацәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҳақьымцәа жәабранмза 16 рзы бааԥсыла акы рԥырхагаханы ахәышәтәырҭа  ареанимациатә ҟәша ахь инагаз ԥшьҩык ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыҩцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара рылшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.