Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апортал «Аԥсны агәалашәара ашәҟәы» иҳәаарку аибашьрақәеи аиҿагыларақәеи рветеранцәа рзы адыррақәа анылоит.
«Аԥсны иалҵыз Донбасс, Афганисҭан, уҳәа егьырҭ аиҿагыларақәа рҿы иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәразы адыррақәа реизгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Аурысцәа Реилазаара ахантәаҩы Роман Риазанцев.
Абиблиографиатә дыррақәа ркьыԥхьра азԥхьагәаҭоуп лаҵарамза 6 рзы иазгәарҭо Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуаз Имш аламҭалазы.
Афганисҭантәи аибашьра аветеранцәа рзы аинформациа абри аелектронтә ԥошьҭа ала идәықәуҵар алшоит: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.
Донбасс, Иҷыдоу Арратә Операциа, уҳәа егьырҭ иҳәаарку аиҿагыларақәа ирылахәыз рзы аинформациа абри аелектронтә ԥошьҭа ала идәықәҵатәуп: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.
Апроект «Аԥсны агәалашәара ашәҟәы» Аԥсны анапхгаратә еимадара Амаҵзура ала 1941 – 1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 75-шықәса ахыҵра инамаданы иаԥҵан. Уи иалагалоуп Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡеи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьреи ирылахәыз аԥснытәи аветеранцәа рзы адыррақәа.
Абри азы адырра ҟанаҵоит апортал «Аԥсны агәалашәара ашәҟәы» апресс-маҵзура.