Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2024» амҩаԥысра аҩбатәи амш азы 13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара аԥхьахәқәа згаз еилкаахеит. Афестиваль алагеит жәабранмза 16 рзы Тамшь ақыҭан.
Аиааирагара рҽазыршәон Аԥсни Алада Урыстәылеи рҟынтәи 40-ҩык инарзынаԥшуа ашахматист ҿарацәа.
13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Багаҭелиа Нестор (ақ. Аҟәа), Лакоба Сариа (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқха – Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла), Смыр Мирра (ақ. Афон Ҿыц), ахԥатәи аҭыԥқәа – Пономариов Арсени (ақ. Славианск-на-Кубани), Карапетиан Николь (ақ. Гәдоуҭа).
11 шықәса зхымҵӡац аспортсменцәа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит: актәи аҭыԥқәа – Конџьариа Кристиан (ақ. Гәдоуҭа), Сақаниа Саниа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа – Тос-оглы Кемаль (ақ. Гагра), Тамбиа Сариа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа – Кузнецов Даниил (ақ. Гәдоуҭа), Егишева Таисиа (ақ. Гагра).
Аԥхьахәтә ҭыԥқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, асувенирқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, иара убас аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.
Акемпинг «Тамыш-Village» аколлектив аицлабрақәа рымҩаԥгаразы акыр иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥнаҵеит. Иҭбааҭыцәу, иԥхоу азалқәа рырҭеит. Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи акыр иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵоуп.
Афестиваль мҩаԥнагоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа. Убри аан адгылара ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.