Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа анаука-практикатә конференциа «Евромайдан: потерянное десятилетие Украины» ихы алаирхәит.
Аконференциа жәабранмза 16 рзы жәларбжьаратәи амультимедиатә медиагәыԥ «Урыстәыла-иахьа» апресс-центр аҿы Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара ахылаԥшрала имҩаԥысит.
Аконференциа алахәылацәеи асасцәеи рахь алагалажәа ала дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
«Мрагыларатәи атәылақәа излалшо ала Украина ахы иархәаны Урыстәыла аԥырхагахара, адунеитә арена аҿы иара иақәнагоу ароль анагӡара азы азин амоуа аҟаҵара, дара ишырҳәо еиԥш Урыстәыла астратегиатә аҵахара алыршара азы еиуеиԥшым ала аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит. Аус аҿы Украина ахаҭа, жәаҳәарада, иуҳәар алшоит Европа иҟоу аҳәынҭқаррақәа зегьы раасҭа иӷару ҳәынҭқарраны, уимоу, аиӡаара иаҿу ҵакыраны иҟалеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Лавров.
Киеви Москвеи рыбжьара адиалог абжьаҵара азҵаара дазааҭгыло, Сергеи Лавров раԥхьа Владимир Зеленски аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара азин амамзаара азы адекрет аԥихроуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аконференциа иара убас рхы аладырхәит Урыстәылатәи аҭоурыхтә Еилазаара ацхантәаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа адәнаҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Москватәи Жәларбжьаратәи Аизыҟазаашьақәа рзы Аҳәынҭқарратә Институт (Ауниверситет) аректор Анатоли Торкунов, Урыстәылатәи аҭоурыхтә Еилазаара Анапхгараҭара ахантәаҩы, аҭоурыхтә перспектива Афонд апрезидент Наталиа Нарочницкаиа, Украина аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атерриториалтә усбарҭақәа рыҟны иҟоу иҷыдоу азкызаара змоу амилициа аҟәшеиҵа «Беркут» афицар Дмитри Сабына, украинатәи ауаажәларра-политикатә усзуҩ, апартиа «Держава» анапхгаҩы Дмитри Василец.