АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жәабран.2024

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Едгар Абыхәба иганахьала ирыдыкылахьаз азыӡба арԥсыҽра инамаданы агәынамӡара аадырԥшит.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Даара агәынамӡара ҳазцәырнагеит 2019 шықәсазы урыстәылатәи атуристка лганахьала ацәгьоура ӷәӷәа ҟазҵаз Аԥсны атәылауаҩ Е. Г. Абыхәба, жәабранмза 2 рзы, иарбоу атәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ала уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ашьҭахь ихы ҭақәиҭыртәит ҳәа иҳауз адырра», – ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра а-Telegram-канал аҿы.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа аԥснытәи аиашаӡбара ареспублика иахьаҵанакуа иҟало ацәгьоурақәеи  ацәгьоуцәа ақәнага рақәыршәареи рганахьала акыр гәшаҭарала азнеира аанарԥшуеит  ҳәа ирыԥхьаӡоит.

«Хыхь иарбоу инамаданы, иазгәоумҭар залшом уи хыԥхьаӡара рацәала есышықәса  ареспублика акурортқәа ирҭаауа аҳәаанырцәтәи асасцәа ашәарҭара ишҭанаргыло. Уи азы ҳара ҳџьынџьуаа ргәырҽанаҳамҵар ҟалом», – ҳәа иазгәаҭоуп Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.

Жәабранмза 4, 2021 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа, Абыхәба Едгар, 1999 шықәса рзы ииз Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩԥҳәыс лцәаԥҽра, хәымгарала лызныҟәара, лмазара лыцәӷьычра, иара убас    ӷәӷәала лыԥҟара  азы ахара идҵаны ахьырхәра аҳасабала зрежим ӷәӷәоу аколониа аҿы жәы-шықәса ҭакрала ахгара, иара убас 10 000 мааҭ ахараԥса аршәареи ааха зауз аган 1 млн. 148 нызықь 800 мааҭ рызшәареи иқәҵан.  


Read 167 times - Амҽыша, 18 Жәабран 2024 18:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.