Items filtered by date: Амҽыша, 02 Хәажәкыр 2025

Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба ихьӡала Аԥсны Ахада иалхрақәа раан аиааира ахьигаз азы адныҳәаларақәа ааиуеит.

Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко Бадра Гәынба ихьӡала Аԥсны Ахадас иалхра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы аалышьҭит.

«Ишәыдысныҳәалоит Шаара Аҳәынҭқарра Ахадарахь шәалхра. Алхрақәа рҿы Шәара ижәгаз аиааира ажәлар Шәара шәахь ирымоу агәрагара, напхгаҩык иаҳасабала шәҟазшьақәа разхаҵара, ишәыдышәкыло аполитикатә ӡбамҭақәа рзы аҭакԥхықәра аныҟәгара шшәылшо шаҳаҭра азнауеит.

Агәра ганы сыҟоуп, Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала Шәара шәусура иабзоураны амилаҭтә ҳәоуеиқәшәара шыҟало, аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭышәынтәалара шышьақәыргылахо, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу апроблемақәа қәнагала рыӡбара ишацхраауа», — ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.

Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Бадра Гунба Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рҿы игаз аиааира идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!

Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала  гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рҿы ижәгаз аиааира!

Шәара иреиҳаӡоу аҳәықҭқарратә маҵурахьы шәалхра Аԥсны жәлар ишәырҭаз агәрагара арҵабыргуеит.

Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни  – ирзеиԥшу аҳәынҭқарратә ԥышәарақәеи аҵак дуқәеи рыла еидҳәалоу аиашьаратә ҳәынҭқаррақәоуп. Агәра ганы  сыҟоуп Шәара шәнапхгарала арегион аҿы аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи аҭынчреи   рышьақәгылара иацхраауа ҳара ҳаиҩызаратәи ҳаидгыларатәи  ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа ишыҿиало, ишыӷәӷәахо.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2025 шықәса.  Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ҿыц иалырхыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дықәиҵеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Валентина Матвиенко Бадра Гәынба Аԥсны Ахадас иалхра идылныҳәалеит.

Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы инаҵшьны иазгәалҭеит алхрақәа рҿы Гәынба иигаз аиааира ажәлар иара иахь ирымоу агәрагара, напхгаҩык иаҳасабала иҟазшьақәа разхаҵара, идикыло аполитикатә ӡбамҭақәа рзы аҭакԥхықәра аныҟәгара шилшо шаҳаҭра шазнауа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аполитик, азиндырратә наукақәа рдоктор Сергеи Бабурин Аԥсны имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа заанаҵтәи аихшьаалақәа дрыхцәажәеит.

«Сара гәахәарыла иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны жәлар акыр аамҭа раԥхьа ахатәы стратегиатә мҩа шалнахыз иахьа ҩаԥхьа уи шышьақәнарӷәӷәаз.  Уи Урыстәыла ааигәара аҟазаара, адгылара, аус ацура ауп иаанаго», - ҳәа иҳәеит Сергеи Бабурин.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 2 марта 2025. Апсныпресс. Российский политик, доктор юридических наук Сергей Бабурин прокомментировал предварительные итоги выборов в Абхазии.

Икьыԥхьуп Новости

Сухум. 2 марта 2025 года. Апсныпресс. В международном пресс-центре состоялся брифинг, на котором председатель ЦИК Абхазии Дмитрий Маршан подвел предварительные итоги президентских выборов.

Икьыԥхьуп Новости
Амҽыша, 02 Хәажәкыр 2025 14:09

Бадра Гәынба Аԥсны Ахадас далхуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаԥысит. Араҟа Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан дықәгыло Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур алҵшәақәа еихшьаалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Урҭ инарықәыршәаны Бадра Гәынба аиааира игеит ахадарахьы алхрақәа аҩбатәи атур аан, убас ала уи Аԥсны Ахадас далхуп.

Бадра Гәынба иоуит 54,73% абжьқәа. Уи рыбжьы ирҭеит -  54 954-ҩык. Адгур Арӡынба - 41,54%, уи рыбжьы ирҭеит - 41 708 -ҩык.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.