Возвращение имени

Items filtered by date: Аҩаша, 06 Цәыббра 2022

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Ареспублика Никарагуа атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны адипломатиатә дкылара мҩаԥган.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Ареспублика Никарагуа адипломатиатә дкылара мҩаԥган атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны.

Адкылара иалахәын Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада, аиҳабыра рлахәылацәа, Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультура аусзуҩцәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа анапхгаҩцәа, аҳҭнықалақь Манагуа ахада Реина Руеда, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, атәылаҿы аккредитациа зызуу Ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Аныҳәа аартын Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи ргимнқәа рарҳәарала.

Адипломатиатә дкылара аартраан ажәахә ҟарҵеит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра алкааҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аҳақьым Шаталов Иклиника» анапхгараҭара ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Аиԥылара лхы алалырхәит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара Аусбарҭа анапхгаҩы  Саида Делба.

Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз абла амикрохирургиа азы Арегионбжьаратәи зтехнологиа ҳараку Аклиника аҿы (Шәача ақ.) ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иара убас аганқәа абла амикрохирургиа Ацентр еиҭаҵуа адиагностикатә комплекс Аԥсныҟа аашьҭра азы еиқәшаҳаҭхеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Апрезидент Ҭамила Мерцхәлааԥҳа Иорданиа Ахәаахәҭра –Ааглыхратә Палата ахаҭарнак Амин Бакиж длыдылкылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апресс-маҵзура.  

Ҭамила Мерцхәлааи Амин Бакижи аԥснытәи аусдкылаҩцәеи анаплакыҩцәеи ринтересқәа рӡыргареи Аԥсны Иорданиатәи Ҳашимиттә Акралра аҿы апрезентациа амҩаԥгареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара иалацәажәеит. 

Аиԥылара аҿы иара убас ишьҭыхын «Аԥсуа – уԥсадгьыл уаҭаа» ҳәа хыс измоу Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апроект анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәагьы. Ҭамила Мерцхәлаа напхгара зылҭо Ахылаԥшырҭа Иорданиа иқәынхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рхәыҷқәа  рабацәеи рабдуцәеи рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭоурых, акультура, атрадициақәа рырдырразы рыдкылара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Нанҳәамза 29 инаркны цәыббрамза  4 аҟынӡа Москва ақалақь аҿы  9-10 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара имҩаԥысуан аԥкьаҭмпыл азы Урыстәылатәи атурнир «Аԥкьаҭмпыл азы Москватәи Академиа Ахраҿа». Уи ихы алаирхәит Аԥснытәи аспортсмен қәыԥш Нестор Цужба, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аспорти аҿари русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 ш. Аԥсныпресс. 2022 шықәса, нанҳәамза азы аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ   262,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи аплантә рбага аҵкьыс  11,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Нанҳәамзазтәи аплан  105% рыла инагӡоуп, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура. 

2021 шықәсазы аиԥшзеиԥшу аамҭахәҭа азы иахыԥхьаӡалан 235,9 млн. мааҭ.  2022 шықәса аамзы ирылагӡаны аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд 882 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәса аамзы азы иазԥхьагәаҭаз аплан 124,4% рҟынӡа инаӡоит. Анагӡара азеиԥш еицҵалыҵ 369,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ахь иааит Башкортосҭанынтәи аҳақьымцәа гәыԥҩык, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аҳақьымцәа разымхара инамаданы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала, башкиртәи аспециалистцәа мызкы иалагӡаны Аҟәатәи аинфекциатә хәашәтәырҭа аҿы аус руан.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.