Возвращение имени

Items filtered by date: Ахәаша, 16 Цәыббра 2022

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хьышба Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышиов диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара мҩаԥысуан Гагра ақалақь аҿы. Аиԥылара рхы аладырхәит Акционертә Еилазаара «Корпорация Туризма РФ» адиректор хада Сергеи Суханов, Акционертә Еилазаара «Корпорация Туризма РФ» адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ  Денис Секачев.

Ҭеимураз Хьышбеи Дмитри Чернышенкои Аԥсны атуристтә усхкы аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирнылацәажәеит, уи аперспективақәас иамоу азгәарҭеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәылатәи ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа анапхгаҩы Елена Петриаикина дылԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ауааԥсыра ателемедицинатә цхыраара рыҭара еиԥш, ахәыҷқәа  Урыстәылатәи ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа аҿы рыхәышәтәрагьы уахь иналаҵаны иадҳәалоу азҵаарақәа.  

Аиԥылара ашьҭахь аминистр идырбеит ателемедицина акабинет, араҟа уи аспециалистцәа дрыҿцәажәеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниеи ареспубликаҿы здипломатиатә миссиа хзыркәшо, Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩцәа Владислав Нечипоренкои ҿыц змаҵуратә уалԥшьа анагӡара иалаго Ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ Роман Татаркои дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенкои реиԥылара.

Дмитри Чернышенко бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит хаҭала реибадырра агәахәара шинаҭо.

«Ҳаҭыр зқәу Дмитри Николаи-иԥа, бзиала шәаабеит Аԥсныҟа, ҳара ҳтәылаҟны Шәача имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа еиҿызкааз шәшыруаӡәку рдыруеит. Адунеи зымҽхазкыз ари апроцесс ашәарҭадара алыршара аганахьала ари саргьы салахәын», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Дмитри Чернышенко Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы.  «Аԥсуа дгьыл аҟны, шәара аԥсуаа ишышәҳәо еиԥш, «аԥсы атәылаҟны» сыҟазаара сара сзы гәахәароуп, гәахәароуп ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа гәацԥыҳәарала аҿиара иахьаҿу», - иаҵшьны иҳәеит Дмитри Чернышенко.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа.  Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 16 рзы 90-тәи иира Амш азгәеиҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амҵәышәмпыл азы ҳаҭыр зқәу Аԥсны аспорт азҟаза, аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара акавалер Гарри Владимир-иԥа Сегалевич.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы Гарри Владимир-иԥа ари акыр зҵазкуа арыцхә инамаданы идныҳәалоит, шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала иусуреи Аԥсны амҵәышәымпыл аҿиара азы илагала дууи рзы иҭабуп ҳәа иаҳәо изеиӷьаршьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аманшәалара, инапы злаку аус аҿы ақәҿиара дуқәа.

Гарри Сегалевич – XX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раан Аԥснытәи АССР еицырдыруаз амҵәышәмпыласҩы иоуп. Гарри Владимир-иԥа иԥсҭазаара зегьы аспорт иадҳәалахеит. Ашкол аҿы аҵара аниҵоз инаркны уи амҵәышәмпыл ихы азцо далагахьан, уимоу ареспублика ашколхәыҷқәа еизгоу акоманда далан. Аԥснытәи АССРи Қырҭтәылатәи ССРи  рышколхәыҷқәа раԥхьахәгарақәеи рыспартакиадақәеи дрылахәын.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба цәыббрамза 10 - 15 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз атурнир «Аԥкьаҭмпыл азы Москватәи академиа Ахраҿа- 3» аҿы аиааира игеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы асаит.

Нестор Цужба  9-10 шықәса зхыҵуа рықәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьуасԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит уажәраанӡа жәларбжьаратәи ашьаусԥшаараҿы иҟаз Ареспублика Ҭаџьикьысҭан  атәылауаҩ. 

2002 шықәса рзы ииз Ҭаџьыкьысҭан атәылауаҩ Касиров Махамадиусуф Абдурахмон-иԥа, Ҭаџьыкьысҭан Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 307.3, 2-тәи ахәҭа иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (аекстремисттә еиҿкаара аусура аиҿкаара) азы ашьаусԥшаара даҵанакуеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.