АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2022

АМИЛИЦИА АУСЗУҨЦӘА ДААНЫРКЫЛЕИТ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШЬАУСԤШААРАҾЫ ИҞАЗ ҬАЏЬЫКЬЫСҬАН АТӘЫЛАУАҨ.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьуасԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит уажәраанӡа жәларбжьаратәи ашьаусԥшаараҿы иҟаз Ареспублика Ҭаџьикьысҭан  атәылауаҩ. 

2002 шықәса рзы ииз Ҭаџьыкьысҭан атәылауаҩ Касиров Махамадиусуф Абдурахмон-иԥа, Ҭаџьыкьысҭан Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 307.3, 2-тәи ахәҭа иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (аекстремисттә еиҿкаара аусура аиҿкаара) азы ашьаусԥшаара даҵанакуеит.

Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Ҭаџьыкьысҭан атәылауаҩ Касиров М. А. ишьаусԥшаара азы адырра  ҳазҭоу ашықәс, цәыббрамза 8 рзы  Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра жәларбжьаратәи аусеицура Аусбарҭа аҟынтәи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟынтәи хыхь зыӡбахә ҳәоу ахаҿы иԥшаареи иаанкылареи рзы ацхыраара аиура хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа русбарҭақәа рзы Еилахәу аинформациа-координациатә Центр ахь инашьҭын.

Махамадиусуф Касиров азакәан ишьақәнаргыло аԥҟарақәа рыла  Урыстәылатәи Афедерациа азинхьчаратә усбарҭақәа дрыҭахоит.


Read 404 times - Ахәаша, 16 Цәыббра 2022 16:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.