АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2022

ЛЕВ КӘЫҴНИА АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ИАБЖЬГАҨЦӘА ВЛАДИСЛАВ НЕЧИПОРЕНКОИ РОМАН ТАТАРКОИ ДЫРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниеи ареспубликаҿы здипломатиатә миссиа хзыркәшо, Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩцәа Владислав Нечипоренкои ҿыц змаҵуратә уалԥшьа анагӡара иалаго Ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ Роман Татаркои дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аганқәа иҟало иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан аоперативтә зхьаԥшра азҵаарақәа рыӡбараҿы иҟоу ахылаԥшырабжьаратәи аусеицура аҩаӡара агәахәара шрызцәырнаго азгәарҭеит. Убри аан аԥхынратәи акурорттә сезон азы Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иаауа Урыстәыла атәылауаа ацхыраара ласы рыҭара апроблематика ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.

Аиԥылара аҿы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи рыбжзьара аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара иазку аусура   аринахысгьы имҩаԥыслоит ҳәа иазгәарҭеит. Уи жәаҳәарада ҳтәылақәа ирыбжьоу астратегиатә партиорра аҩаӡара иашьашәаланы ишьақәгылоуп.


Read 401 times - Ахәаша, 16 Цәыббра 2022 16:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.