АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2022

ЕДУАРД БЫҬӘБА: АԤСНЫ АТЕЛЕМЕДИЦИНА АЛШАРАҚӘА РХАРХӘАРА АԤСАНЫ ИҞОУП.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәылатәи ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа анапхгаҩы Елена Петриаикина дылԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ауааԥсыра ателемедицинатә цхыраара рыҭара еиԥш, ахәыҷқәа  Урыстәылатәи ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа аҿы рыхәышәтәрагьы уахь иналаҵаны иадҳәалоу азҵаарақәа.  

Аиԥылара ашьҭахь аминистр идырбеит ателемедицина акабинет, араҟа уи аспециалистцәа дрыҿцәажәеит.

Едуард Быҭәба, ас еиԥш иҟоу амедицина ахкы акыр актуалра аҵоуп, уи иабзоураны адунеи ахьынӡанаӡааӡо зехьынџьара зхаҭабзиара ҳараку  амедицинатә цхыраара аиура алыршахоит, Аԥсынгьы иарбоу ахырхарҭала аҿиара аҭахуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ, жәларбжьаратәи аусеицуразы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ Нури Хәарҵкьиеи ахаҿы-цламҳәатә хирургиа аҟәша анапхгаҩы, ахи ахәдеи рхирургиа Ацентр  ахада Андреи Лопатини.

 

 


Read 411 times - Ахәаша, 16 Цәыббра 2022 16:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.