АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2022

ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ АХАДЕИ УА АИҲАБЫРА АХАНТӘАҨЫ ИХАҬЫԤУАҨ ДМИТРИ ЧЕРНЫШЕНКОИ РЕИԤЫЛАРА.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенкои реиԥылара.

Дмитри Чернышенко бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит хаҭала реибадырра агәахәара шинаҭо.

«Ҳаҭыр зқәу Дмитри Николаи-иԥа, бзиала шәаабеит Аԥсныҟа, ҳара ҳтәылаҟны Шәача имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа еиҿызкааз шәшыруаӡәку рдыруеит. Адунеи зымҽхазкыз ари апроцесс ашәарҭадара алыршара аганахьала ари саргьы салахәын», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Дмитри Чернышенко Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы.  «Аԥсуа дгьыл аҟны, шәара аԥсуаа ишышәҳәо еиԥш, «аԥсы атәылаҟны» сыҟазаара сара сзы гәахәароуп, гәахәароуп ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа гәацԥыҳәарала аҿиара иахьаҿу», - иаҵшьны иҳәеит Дмитри Чернышенко.

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ареспублика аҿиара ишаҿу, ҷыдала, иахьатәи анапхгарала, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапхгарала.

«Анагӡара иаҿуп акрызҵазкуа аинвестициатә проектқәа, есааира иазҳауеит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу атауареикәыршара, ари аҵак ду амоуп ҳәа исыԥхьаӡоит.

Сара свизит хықәкы хаданы иамоуп Аԥсны атуристтә усхк алацәажәара. Аԥсны ахаангьы Асовет Еидгылазы абырлаш иаҩызан, убри аҟнытә урыстәылатәи атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала арахь аара иаҿуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Чернышенко.

Атуристтә ҟәша иахцәажәо, аганқәа еиқәшаҳаҭны иазгәарҭеит ишазымхо ҳаамҭазтәи   аинфраструктура. Дмитри Чернышенко иҳәеит иахьа Урыстәыла атуризм даара азыҳәара шамоу. «Иахьа аамҭа зегьы аҭыԥ аҟны иаргылоит, иаабоит шәарҭара злам атуризм аиҩызаратә тәылақәа рҿы мацара ишалшо. Аԥсны – зыгәрагоу, ҩызара ҳзызуа тәылоуп, гәахәароуп ари алшара Шәара шәнапхгарала анагӡара ахьымҩаԥысуа», - ҳәа иԥхьаӡоит Дмитри Чернышенко.

Аиԥылараан иара убас иалацәажәеит алогистика азҵаара, ҷыдала, аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьратә пункти аужьратә лшара арҭбаареи рус.

Амш азҵаараҟны иқәгылан Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аусура аларгара азҵаара. Аслан Бжьаниеи Дмитри Чернышенкои иаҵшьны ирҳәеит авиаеимадара алыршара аекономикатә еизҳареи  Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьареи хыԥхьаӡара рацәала атуристцәеи абизнесуааи радԥхьалареи ишацхраауа.

 


Read 406 times - Ахәаша, 16 Цәыббра 2022 16:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.