Возвращение имени

Items filtered by date: Ахәаша, 02 Ԥхынҷкәын 2022

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 6 рзы, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара аламҭалаз, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аԥсуа ган алахәылацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара аҿы аҩганктәи аилацәажәара ахь ицәыргахараны иҟоу аусшәҟәқәа рыпроектқәа шьақәыргылан.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа асоциалтә каҭақәа рыҟны афымцамчтә усхк аҟны аԥаратә хархәагақәа рӷьычра аҭыԥ амоуп ҳәа ицәырҵыз адокументқәа рҵыхәала уаанӡа иҟаиҵаз адҵа ахьынӡанагӡоу инамаданы, Амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны изаамҭанытәиу аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада Адгәыр Агрба атәыла Ахада  адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусурақәа рзы. Иара иҟаиҵаз адыррала,  ҳазҭоу ашықәс абҵарамза 16  инаркны мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥгоуп, урыстәыла аганахь ала аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иадҳәалаз аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа зегьы иразҵаан.  «Ҳазҭагылоу аамҭазы иахәҭоу ажәанҵақәа дәықәҵоуп, аекспертиза дәықәҵоуп изықәнагоу аусбарҭа ашҟа. Агәаҭарақәа рымҽхак аҭбаареи рымҩаԥгара иацу ауадаҩрақәеи ҳасаб рзуны ари аамҭа азхартә иҟам. Аамҭа аҭахуп, аха иалкааны аҿҳәара  шьақәыргылара алшаӡом», - ҳәа иҳәеит  Адгәыр Агрба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ахархәаразы иарҭеит автомашьына – минивен «Noah». Уажәшьҭарнахыс уи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа апациентцәа ацхыраара рыҭара азы ахархәара аиулоит, ҳәа иаанацҳауеит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Уажәраанӡа ари амедусбарҭа амашьына амаӡамызт.

Автомашьына ацаԥхақәа иарбоу ахәышәтәырҭа аҳақьым хада лнапынҵақәа назыгӡо Инесса Камлиа лнапы иаиркит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Амашьына Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала иаахәахеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа араион Апрокуратура ауаҩы иԥаара афакт ала ашьауӷатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны заатәи аусеилыргара хнаркәшеит.

Чачибаиа С.В., Агәмаа В.В., Гвазаа Т.М., Носов Н.В., Барзаниа Р.З. Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 160, ахәҭа  3, пункт «б», ахәҭаҷ    119, ахәҭа  2, апунктқәа  «а», «б», «ж»  инарықәыршәаны, (заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала гәыԥҩык ауаа ақьар аиура хықәкыс иҟаҵаны,  ауаҩы игәабзиареи иԥсҭазаареи ашәарҭара иҭазыргыло амчымхарала, амазара ду ампыҵакра азы   мчыла амхра азы ауаҩы иԥаара) ацәгьоура азы ахара рыдҵоуп.

Барзаниа А.В., Абӷаџьаа Р.Ш. Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 318 ахәҭа (ихьанҭоуи даара ихьанҭоуи ацәгьоурақәа заанаҵтәи изақәыргәыӷмыз рыҵәахра азы) инақәыршәаны ацәгьоура азы ахара рыдҵоуп..

Аусеилыргара Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа ахь ахәаԥшразы идәықәҵоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҿы аҽазыҟаҵаратә абылрацәыхьчаратә азыҩбжьы геит. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи излауа ала ирласны уаанӡа ишьақәыргылаз аевакуациа амаршрутқәа рыла ашкол ахыбра идәылҵыр акәын.

Убри аан аҭыԥ аҿы иҟаз Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аевакуациа апроцесс шаҟа ирласны, ииашаны имҩаԥысуа азы ахәшьара арҭон.

Апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа раԥхьа атеориатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган. Араҟа амцарцәаҩцәа арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи егьырҭ аҵараиурҭа аусзуҩцәеи инарҭбааны ирызнаргеит абылра аҟалараан ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны официалтә визитла иҟаз Урыстәылатәи федерациаА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин напхгара зиҭоз аделегациа иахьа Москваҟа ихынҳәит.
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟны аделегациа наскьаргеит Аԥсны Ахада Аслан Бжаниа, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба; Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашот Миносиан, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Аҷыдалкаатәи Азинмчи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра ақалақьқәеи араионқәеи рҵара аҟәшақәа ирзоунажьит Аминистрра аҿаҵа ала Аԥсны  иҭыжьу арҵагашәҟәқәеи урҭ ирыцу аусуратә тетрадқәеи, иара убас ахәыҷбаҳчақәа рзы алитература, аԥсуа алфавит зну аплакатқәа (500 екземплиар), аԥсуа бызшәа аҵаразы ацхыраагӡтә хархәагақәа, уҳәа убас иҵегьы.

1-тәи – 4-тәи аклассқәа рзы ашәҟәы «Акласснҭыҵтәи аԥхьара» атираж – 2 000 екземплиар аҟынӡа инаӡоит.

Аурыс школқәа 5-тәи, 10-тәи, иара убас 11-тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы арҵагашәҟәқәа ртираж – 1 000 екземплиар аҟынӡа инаӡоит, 4-тәи акласс азы – 800 екземплиар.

7-тәи акласс азы арҵагашәҟәы «Аурыс литература» ҭыжьуп 3000 екземплиар рыла.

1 500 екземплиар рҟынӡа инаӡоит 1-тәи, 2-тәи, иара убас 3-тәи аклассқәа рзы аусуратә тетрадқәа «Иааҳакәыршаны иҟоу адунеи». Аԥсуа школқәа, 3-тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо рзы  арҵагашәҟәы "Ахатәы бызшәа» ҭыжьуп 1500 екземплиар рҟынӡа инаӡо атираж аманы.

Аиашаҩырақәа №№ 1,2, 3 ,4 – ртираж 1500  цыра рҟынӡа инаӡоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара инақәыршәаны, «Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрреи Асоциалтә хьчареи адемографиатә политикеи  Рминистрреи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика агәабзиарахьчара Аминистрреи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика асоциалтә хьчареи аџьеи  рзы Аминистрреи рыбжьара агәабзирахьчареи асоциалтә ҿиареи асоциалтә хьчареи русхкы аганахьала аусеицура рыбжьаҵара азы Амеморандум» апроект  шьақәырӷәӷәахеит.

Амеморандум анапаҵыҩра хықәкы хадас иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликеи ртәылауаа ргәабзиарахьчареи рсоциалтә хьчареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыла аусеицуразы аиҟарареи аусеицуреи рыпринципқәа рыла аиҿкааратә, аекономикатә, уҳәа егьырҭ ихымԥадатәиу аҭагылазаашьақәеи амеханизмқәеи раԥҵара. Аусеицура ахырхарҭақәас иалкаауп:

– Аганқәа азинмчы змоу аусбарҭақәеи урҭ рыструктуратә ҟәшеиҵақәеи рыбжьара ишиашоу аимадара абжьаҵареи аҿиареи;

–Агәабзиарахьчара, асоциалтә ҿиареи асоциалтә хьчареи русхкы аҿы анаука-техникатә аинформациа ала аиамадара абжьаҵара;

– Аԥсни Приднестровиеи асоциалтә ҿиареи асоциалтә хьчареи рызҵаарақәа рыӡбара алзыршо анорматив-зинтә шәҟәынҵақәа рзы   аинформациа ала аимадара;

–аҩганк рҟынтәи инагоу аспециалистцәа радыԥхьаларала асеминарқәа, асимпозиумқәа, аконференциақәа, ацәыргақәҵақәа, анаукатә еиԥыларақәа, уҳәа асоциалтә ҿиареи асоциалтә хьчареи русхкы аҿы егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа  реицымҩаԥгара;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза  1 азы, ашколқәа рдиректорцәа аҵаратә усура азы рхаҭыԥуаҩцәа алархәны аусуратә еилтәаара мҩаԥылгеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аилатәара аҿы азеиԥшҵараиурҭақәа рҵаратә ҟәша аиҳабацәа русура еиуеиԥшым аспектқәа, ирылацәажәеит, арҵаҩ ҿарацәа аус рыдулара азҵаара иазааҭгылеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәанмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Никарагуа акультура аминистр Луис Алонсо Моралес иааԥхьарала, Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ԥхынҷкәынмза  1 рзы аусуратә визитла Никарагуа даҭааит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Актәи аусуратә мшы азы атәыла акультура аминистр Луис Алонсо Моралес,  Рубен Дарио ихьӡ зху атеатр адиректор  Рамон Родригес, амилаҭтә синематика адиректор  Иданиа Кастилио, акреативтә економика Аинститут адиректор Камила Ортега рԥыларақәа мҩаԥысит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.