АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынҷкәын.2022

ВАДИМ АНҚӘАБ ИԤААРА ИНАМАДАНЫ АШЬАУӶАТӘ УСЕИЛЫРГАРА АӠБАРҬА АХЬ ИДӘЫҚӘҴОУП .

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа араион Апрокуратура ауаҩы иԥаара афакт ала ашьауӷатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны заатәи аусеилыргара хнаркәшеит.

Чачибаиа С.В., Агәмаа В.В., Гвазаа Т.М., Носов Н.В., Барзаниа Р.З. Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 160, ахәҭа  3, пункт «б», ахәҭаҷ    119, ахәҭа  2, апунктқәа  «а», «б», «ж»  инарықәыршәаны, (заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала гәыԥҩык ауаа ақьар аиура хықәкыс иҟаҵаны,  ауаҩы игәабзиареи иԥсҭазаареи ашәарҭара иҭазыргыло амчымхарала, амазара ду ампыҵакра азы   мчыла амхра азы ауаҩы иԥаара) ацәгьоура азы ахара рыдҵоуп.

Барзаниа А.В., Абӷаџьаа Р.Ш. Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 318 ахәҭа (ихьанҭоуи даара ихьанҭоуи ацәгьоурақәа заанаҵтәи изақәыргәыӷмыз рыҵәахра азы) инақәыршәаны ацәгьоура азы ахара рыдҵоуп..

Аусеилыргара Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа ахь ахәаԥшразы идәықәҵоуп.

Заатәи аусеилыргара ала ишышьақәыргылоу ала, жәабранмза 26, 2022 шықәса рзы,   01:00 сааҭ инарзынаԥшуа, Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан  Цушба А.Ф. Чачибаиа С.В., Агумаа В.В., Гәазаа Т.М., Носов Н.В., Барзаниа Р.З.  заанаҵы дрыҿцәажәаны Анқәаб В.К. иҩнынтәи дԥааны  автомашьына УАЗ (ашәҟәҭагаларатә номер К 865СА, 159-тәи   арегион) ала Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа,  Барзаниа А.В. иҩнахьы днаргеит.

Амҵарсҩцәа Вадим Анқәаб иԥа Малхаз Анқәаб рыҽимардан  иԥааны ирымоу ауаҩы ихақәиҭтәра азы   10  млн. мааҭ рҟынӡа  аҿыхԥса ашәара идыргалеит.  

Хәажәкырамза 10, 2022 шықәса рзы,  Малхаз Анқәаб амҵарсҩцәа аҿыхԥса ахәҭа аҳасабала 1 млн. мааҭ анырзиишьҭ ашьҭахь, иаб Вадим Анқәаб Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан ихы дақәиҭтәхеит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аоператив-усеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны, ауаҩы иԥаара иалахәыз ауаа ааныркылеит ашьауӷатә ҭакԥхықәрагьы иақәдыршәеит.

Цушба А.Ф. иганахьала ашьаусԥшаара хацыркуп, иара убас ихацыркыз аусеилыргара хазы аусеиҿкаара ахь ииагоуп.

Носов Н.В.  иганахьала у уи ипсихологиатә  ҭагылазаашьа аилкаара азы амедицинатә ҟазшьа змоу агәаҭарақәа ихгара азы ақәҵара рыдыркылеит.


Read 287 times - Ахәаша, 02 Ԥхынҷкәын 2022 16:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.