АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынҷкәын.2022

ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 6 РЗЫ МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП АСОЦИАЛ-ЕКОНОМИКАТӘ УСЕИЦУРА АЗЫ АԤСНЫ-УРЫСТӘЫЛАТӘИ АНАПХГАРАБЖЬАРАТӘИ АКОМИССИА АИЛАТӘАРА.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 6 рзы, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара аламҭалаз, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аԥсуа ган алахәылацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара аҿы аҩганктәи аилацәажәара ахь ицәыргахараны иҟоу аусшәҟәқәа рыпроектқәа шьақәыргылан.

Аԥсны аԥыза-министр, Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа ацхантәаҩы Алеқсандр Анқәаб хадара ззиуа аԥсуа делегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озгани Владимир Делбеи, аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба; аминистрцәа: аиустициа аминистр – Анри Барцыц, агәабзиарахьчара аминистр - Едуард Быҭәба, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр – Руслан Аџьба, аҵарадырреи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, акультура аминистр Даур Ақаҩба; аминистрцәа рхаҭыԥуаҩцәа: аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ – Одиссеи Бигәаа, ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ – Дмитри Ҳагәышь, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ – Ҭенгиз Нарманиа; Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Беслан Кубраа,  Ареспублика шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Алиас Лабахәуа.

Аԥыза-министр аделегациа алахәылацәа Анаԥхгарабжьаратәи Акомиссиа аилатәара амшхәаԥштә зҵаарақәа рҽазыҟаҵара ахшыҩзышьҭра арҭарцазы азԥхьанҵа риҭеит.


Read 287 times - Асабша, 03 Ԥхынҷкәын 2022 12:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.