АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынҷкәын.2022

АПРОКУРАТУРА ХАДА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИНАПЫНҴАҚӘА РЫНАГӠАРА АЗЫ ИНАЦҴАНЫ ААМҬА АҬАХУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа асоциалтә каҭақәа рыҟны афымцамчтә усхк аҟны аԥаратә хархәагақәа рӷьычра аҭыԥ амоуп ҳәа ицәырҵыз адокументқәа рҵыхәала уаанӡа иҟаиҵаз адҵа ахьынӡанагӡоу инамаданы, Амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны изаамҭанытәиу аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада Адгәыр Агрба атәыла Ахада  адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусурақәа рзы. Иара иҟаиҵаз адыррала,  ҳазҭоу ашықәс абҵарамза 16  инаркны мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥгоуп, урыстәыла аганахь ала аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иадҳәалаз аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа зегьы иразҵаан.  «Ҳазҭагылоу аамҭазы иахәҭоу ажәанҵақәа дәықәҵоуп, аекспертиза дәықәҵоуп изықәнагоу аусбарҭа ашҟа. Агәаҭарақәа рымҽхак аҭбаареи рымҩаԥгара иацу ауадаҩрақәеи ҳасаб рзуны ари аамҭа азхартә иҟам. Аамҭа аҭахуп, аха иалкааны аҿҳәара  шьақәыргылара алшаӡом», - ҳәа иҳәеит  Адгәыр Агрба.

Убри аангьы Адгәыр Агрба адырра ҟаиҵеит, Апрокуратура хада ашҟа ааԥхьара шрымаз атәылауаа Арӡынбеи, Кокаиеи, урҭ ицәырыргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа афымцамчы аминистрреи зықәшаҳаҭыз еицәажәаны ишьақәдыргылаз амыругақәеи аматериалқәеи. «Убарҭ адокуменқәа рыда  апрокуратурахь акагьы аагамызт», - иҳәеит Адгәыр Агрба.

Аҳәынҭқарра Ахада Апрокуратура Хада иадиҵеит ари азҵаара ааиԥмырҟьаӡакәа хылаԥшра арҭаларц, Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥысуа аусурақәа рзы адырра ирҭаларц.

Аиԥылара иалахәын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Аконтрольтә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.

 

 


Read 296 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.